Киргизиа апарламенттә алхрақәа мҩаԥысит

© Sputnik / Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКиргизиа апарламенттә алхрақәа
Киргизиа апарламенттә алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аашә-нызқьҩык рҟынӡа алхыҩцәа рыбжьқәа рҭиит Киргизиа имҩаԥысуаз апарламенттә лхрақәа рҟны иҳәеит ареспублика Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Таиырбек Сарпашев.

АҞӘА, жьҭаара 5 — Sputnik. 30% рҟынӡа алхыҩцәа алхратә ҭыԥқәа рахь инеиит аԥхьатәи аф-сааҭк рзы иҳәеит Киргизиа Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Таиырбек Сарпашев.

Абжьыҭира хацыркын амҽыша, жьҭаара 4, ашьыжь, асааҭ 8 рзы аҭыԥантәи аамҭала. Абжьыҭира ҟалоит ахәылбыҽха асааҭ аабанӡа. Алхрақәа мҩаԥысит ҳәа иазыԥхьаӡоуп заҟаҩ алхыҩцәа рыбжьы рҭииз иахьмырԥшыкәа.

"Асааҭ 14.00 рзы рыбжьы рҭихьан 800 нызқьҩык алхыҩцәа. Абжьыҭира зехьынџьара активла имҩаԥысуеит", — иҳәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ.

Таиырбек Сарпашев иациҵеит алхырҭа ҭыԥ дуқәа рҟны ишгылоу аппаратура ҷыда – атәылауаа абиометрикатә идентификациа рзуразы. Атехника аус еиԥҟьарада ишауа.

Киргизиатәи апарламент аҟны иҟоу 120 ҭыԥ рзы еиндаҭлоит 14 партиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0