Қырҭтәыла Аԥсны иазнархынҳәит ақалақьқәа ртехдокументқәа

CC0 / / Дворец Нации. Женева.
Дворец Нации. Женева. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 7 рзы ихыркәшахеит Аахыҵ Кавказ аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 33-тәи араунд.

АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Қырҭтәыла Аԥсны иазнархынҳәит, ацифрахь ииагоу ақалақьқәа ртехникатә документқәа. иара убасгьы хкы рацәала аҵак ду зманы иҟоу аматериалқәа. Урҭ аматериалқәа Аԥсны архивтә усбарҭақәа рҟны иҵәаххоит ҳәа аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

"Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршахеит абри аганахьала ԥхьаҟагьы аусура ацҵара", — ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҟны.

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ахҵәацәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәомызт аиԥыларақәа рҟны ҳәа аҳәоит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа.

Ашәарҭадараз аусутә гәыԥ алацәажәон амчра ахамырхәара азҵаареи, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылауаа жәларбжьаратәи ауааажәларратә еилазаара рнырра аԥырхагахара мап ацәкра азҵаареи, иара убасгьы адискриминациатә ҟазшьа змоу Евроеидгыла авизатә политикеи.

МИД РА - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны Аҳәамҭа ҟарҵеит

Аҽазныкгьы инаҵшьны иазгәаҭан ганкахьала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи, егьи аганахь ала Қырҭтәылеи рыбжьара амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра адкылара шхымԥадатәиу ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

"Аганқәа рхы аладырхәит амчра ахамырхәаразы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа еицыҟарҵараны иҟоу аҳәамҭа аус адулара", — ҳәа азгәаҭоуп аацҳамҭаҟны.

Агуманитартә зҵаарақәа рзы аусутә гәыԥ алацәажәон Колхидатәи ашыц аганахьала аекологиатә ҭагылазаашьа уадаҩ. Аганқәа азааиит изаамҭанытәиу аиҿцәажәарақәа раан ауникал ҟазшьа змоу ашыц бнақәа реиқәырхара иазырханы абри аусхк аҟазацәа рааԥхьара.

Аахыҵ Кавказ аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу анаҩстәи араунд мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 8-9 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0