Аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥснынтәи анаркотик згоз амашьына

© Sputnik Томас ТхайцукГраница.
Граница. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кьылак инеиҳаны анаркотикқәа рыԥшааит шәачатәа аҳазалхыҩцәа аԥснытәи аномерқәа змаз автомашьына "Мерседес" акәырқәа рыҟны.

АҞӘА, жьҭаара 28, Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәеи анаркотикатә маҭәашьарқәа рзы аполициеи, аоперативтә информациа рыманы,  аԥсуа-аурыс ҳәааҟны  иааныркылеит автомашьына "Мерседес", аԥснытәи аномерқәа аманы. Уи акәырқәа рҟны ирыԥшааит иҵәахыз  анаркотикатә маҭәашьар – амарихуана ҳәа аанацҳауеит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

© Фото : пресс-служба ЮТУНа границе с Абхазией задержана иномарка с марихуаной
На границе с Абхазией задержана иномарка с марихуаной - Sputnik Аҧсны
На границе с Абхазией задержана иномарка с марихуаной

Амашьынарныҟәцаҩ, Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит анаркотик ахархәаразы Аԥсны ишааихәаз. Иара идагьы амашьынаҟны иҟан ҩыџьа апассаџьырцәа.

Амашьына арныҟәцаҩ иоума апассаџьырцәа роума аҳазалхратә декларациа хадмырҭәааӡеит, зиагара ҟамло амаҭәашьарқәа шиаргоз азы аҳазалхыҩцәагьы адырра рырымҭеит. Аҵәах аԥшааит иазыҟаҵоу  амаҵзуратә ла.

Имҩаԥгаз аекспертиза ишьақәнарӷәӷәеит ирыԥшааз амаҭәашьар амарихуана шакәу. Иара акапан 1,075 кьыла инаӡон.

Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә кодекс ахәҭаҷ 229,1 инақәыршәаны  Евроазиатәи аекономикатә хеидкыла аҳәаақәа аҟны ма Урыстәылатәи Афедерациа   аҳазалхратә ҳәаа аҟны изакәанымкәа  анаркотикатә маҭәашьар ахыгара кондрабандоуп ҳәа ишьоуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы абри афакт ала  ацәгьоура  иаҵанакуа ахаҿқәа рзы ашьаус ахацыркра азҵаара рыӡбоит.

© Фото : пресс-служба ЮТУНа границе с Абхазией задержана иномарка с марихуаной
На границе с Абхазией задержана иномарка с марихуаной - Sputnik Аҧсны
На границе с Абхазией задержана иномарка с марихуаной
Ажәабжьқәа зегьы
0