Цхинвалтәи адәқьанқәа аҭацәра иаҿуп

© Sputnik / Alexander MazurkevichPå den ukrainsk-ryska gränsstationen
På den ukrainsk-ryska gränsstationen - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаплакыҩцәа бжьымшы ирықәуп Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәааҟны ("Нижний Зарамаг") атауарқәа рахыгара рзалмыршоижьҭеи.

АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik. Афатәаалыҵқәа рлага-ҩагара знапы алаку анаплакыҩцәа бжьымшы ирықәуп Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәааҟны ("Нижний Зарамаг") атауарқәа рахыгара рзалмыршоижьҭеи. Аҳазалхыҩцәа аидарақәа риагара азин ҟарҵом ишахәҭоу еиԥш адокументқәа еиҿкаам, ҳәа мзызс иҟаҵаны.

Иҟоу аҭагылазаашьа аилыргара нап алеикит Аҳазалхратә еилакы аиҳабы Мураҭ Цховребов. Абри аамҭазы анаплакыҩцәа ироуз ахарџьқәа рыԥхьаӡарақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

"Абар бжьымшы ирықәуп атауар аҳәаа ахыгара ҳалымшоижьҭеи. Ахшлыҵ абжак ҳцәыԥхасҭахахьеит. Аҳазалхыҩцәа иазгәарҭоит атауар аҳәаа ахыгаразы Урыстәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны иахәҭаны иҟаз адокументқәа еиқәыршәатәын ҳәа. арахь ҳара ахарџьқәа ҳрыҵахоит. Адәқьанқәа рҟны атауар анҵәара иаҿуп, ҳара ҳакәзар уахь атауар анагара ҳалшом", ҳәа еиҭеиҳәоит анаплакҩы Вадим Тедеев.

Ахыҵ Уаԥстәыла Аҳазалхратә еилакы аиҳабы Мураҭ Цховребов ишьақәгылаз апроблема ареспублика апрезидент иҟынӡа инеигеит. Иара убри аан иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ҟамлар шалшо ишахәҭоу, ишиашоу еиԥш адокументқәа еиҿкаазар ҳәа.

"Ҳара ҳнаплакыҩцәа, Урыстәылантәи Аахыҵ Уаԥстәылаҟа атауарқәа аазго, еснагь ирымам алшара ишахәҭоу еиԥш адокументқәа реиҿкаара. Иаарго аидара адеклорациа азураан рхазы ирҭахушәа ианадырбо ыҟоуп. Абри аан иадырбоит рыуацәеи рҭынхацәеи рпаспорттә дыррақәа, урҭ рзы акәушәа атауар заарго. Иахьаархәогьы аҩныҵҟатәи аџьармыкьаз иаархәошәа ауп адокументқәа рҟны ишадырбо", — иҳәеит Цховребов.

Абарҭқәа роуп изыхҟьо анаплакыҩцәа Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәааҟны ("Нижний Зарамаг") атауарқәа рахыгара рзалмыршо рыҟазаара.

Цховребов иажәақәа рыла атауарқәа аҭыжьыҩцәеи аарыхыҩцәеи мамзаргьы аофициалтә диллерцәа рҟны ауп иахьаахәалатәу, уи адагьы урҭ ирыцзароуп ирықәнаго асертификатқәа.

Иара убри аан анаплакыҩцәа ирыԥхьаӡоит адокументқәа реиҿкаара апроцедура акыр иуадаҩу, апроблемақәа зцу ҭагылазаашьоуп ҳәа.

"Урыстәылатәи атауар аҳәаа ианахааго аҳазатә деклорациа хаҳарҭәаауеит, абаџь ҳшәоит. Абри аан 300 рҟынӡа хьӡы аҳарботи, убри аамҭазы адәқьанқәа рҟны 3 000 рҟынӡа тауар хкы рҭиуеит. Урҭ зегь рзы хазы-хазы адокументқәа реиҿкаара ухахьы иаауго ҳәа иҟам. Аматериалтә ҟазшьа аганахьалагьы ари апроцедура ахәԥса ҳаракуп. Нас уи ҳәарада адәқьанқәа рҟны ирҭиуа атауарқәа ирныԥшуеит", — лҳәоит анаплакҩы Галина Санакоева.

Ицәырҵыз апроблема аӡбразы анаплакыҩцәа агызмалра аадырԥшит: "Атауар амашьына дуқәа ирықәхны амашьынахәыҷқәа рыла ареспубликахь иҭаагало ҳалагеит. Уахыки-ҽнаки рыла 2-3 реис ҟаҳҵоит", — иҳәоит анаплакҩы Вадим Тедеев.

Аахәаҩцәа абри аамҭазы атауарқәа рзымхара азгәарҭо иалагеит.

"Реиҳа иуадаҩу ахшаалыҵ аахәароуп. Аԥышәҭрықь, ахҷаҭ уҳәа ма зынӡа иҟаӡам, ма раамҭа иахыԥахьеит", — лҳәоит Марина Танделова.

Урыстәыла Аҳазалхратә еилакы аиҳабы Аахыҵ Уаԥстәыла Аҳазалхратә еилакы аиҳабы ихьӡала ашәҟәы неишьҭит иҟоу аҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵаразы. Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа аҭыԥ рыман 2013 шықәсеи 2014 шықәсеи рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0