"Аҳәеимҳәа" авирус 2009 шықәса раахыс аҽамԥсахӡацт

© Sputnik / Илона ХварцкияАлабораториа.
Алабораториа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла аҽаларҵәаны иҟоуп аимҳәа вирус А, нас иара ахкқәа. Урҭ рҟынтәи 80 процент артәоит аҳәеимҳәа. Лабораториатә ҭҵаарала ишьақәырӷәӷәоуп иара 2009 шықәса раахыс аҽшамԥсахыц

АҞӘА, ажьырныҳәа 28, Sputnik. Авирусологиеи абиотехнологиақәеи рцентр "Вектор" (Новосибирск) ишьақәнарӷәӷәеит иахьатәи аамҭазы Урыстәыла аҽаларҵәаны ишыҟоу аимҳәа вирус А, нас иара ахкқәа. Урҭ рҟынтәи 80 процент артәоит аҳәеимҳәа. Лабораториатә ҭҵаарала ишьақәырӷәӷәоуп иара 2009 шықәса раахыс аҽшамԥсахыц ҳәа.

Абри атәы лҳәеит Новосибирсктәи аобласт аинфекционист хада Лариса Поздниакова.

"Аиҳарак иахьазы ирылаҵәаны иҟоу аимҳәа A/H1N1 ауп. Ҳара "Вектор" азанаҭуаа ҷыдала ираҳҭаз азҵаара аҭак ала ишьақәдырӷәӷәеит иара 2009 шықәса раахыс аҽамԥсахыцт ҳәа", — лҳәеит лара.

Новосибирсктәи аобласт аусбарҭақәа рдыррала ииасыз амчыбжь азы ОРВИи аимҳәеи рганахьала аепидемшәхымс 61,1 процент иахысуп. Алабораториатә ҭҵаарақәа рыла ишьақәырӷәӷәоуп аҳәеимҳәа 20-ҩык ишрыхьхьоу.

"Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла аҽаларҵәаны ишыҟоу аимҳәа вирус А, нас иара ахкқәа. Урҭ рҟынтәи 80 процент артәоит аҳәеимҳәа. Лабораториатә ҭҵаарала ишьақәырӷәӷәоуп иара 2009 шықәса раахыс аҽшамԥсахыц. 2009 шықәсазтәи асезон иаҳнарҵаз рацәоуп, убри азы ашәарҭарақәа ҳраԥыҟьаны аус аауыртә ҳаҟоуп", — лҳәеит Поздниакова.

Лара иазгәалҭеит арегион аҟны аимҳәа иахҟьаны ԥсыҭбара шыҟамлац.

Ажәабжьқәа зегьы
0