Атерактқәа ирыхҟьаны Шьамтәыла ауаа ҭахоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Латакиа, ақалақь Джабле автомашьынақәа раангыларҭа ааигәареи ақалақь Тартус ақалақь аҟни аԥжәарақәа аҭыԥ рыман. Атеррористтә еиҿкаара "Исламское государство" ахахьы иагеит арҭ аԥжәарақәа.

АҞӘА, лаҵарамза 24 – Sputnik. Латакиа, ақалақь Джабле автомашьынақәа раангыларҭа ааигәареи ақалақь Тартус ақалақь аҟни аԥжәарақәа аҭыԥ рыман. Атеррористтә еиҿкаара "Исламское

государство" ахахьы иагеит арҭ аԥжәарақәа.

Аԥжәарақәа ирыхҟьаны шәҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҭахеит. Иҟоуп ахәрақәа зоуны ахәышәтәырҭақәа рахь инаргаз.

Уаанӡа. Амаҵзура Sputnik адырра ҟанаҵахьан шәҩык ҭахеит, шәҩык инареиҳангьы ахәрақәа роуит ҳәа.

Джабле автоаангыларҭаҟни, Тартус ақалақь аҟни иара убасгьы Джабле аҳәынҭқарратә хәышәтәырҭа, ацхыраара ласы аҟәшаҟни аԥжәарақәа мҩаԥызгоз атеррорист-аҽшьҩцәа роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0