Хьыбла Гьерзмааԥҳа: Иурмала Пицунда сгәаланаршәоит

© Фото : Facebook: Hibla GerzmavaХьыбла Гьерзмааԥҳа.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконцерттә зал "Дзинтари" аҟны иаатит Лаим Ваикуле лфестиваль Laima Vaikule Randez-Vous.

Афестиваль асасцәа дыруаӡәкуп Хьыбла Гьерзмаԥҳа, ҳәа аанацҳауеит Sputnik Латвия.

"Американтәи даҳзааит адунеитә опера априма Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Сара даара насыԥ сымоуп уи ара дахьыҟоу", ҳәа лҳәеит афестиваль аԥшәма Лаима Ваикуле.

— Даара сеигәырӷьон Латвиа асолотә концерт мҩаԥызгар. Ааԥхьара шсоулаки аамҭа шсоулаки, саауеит — лҳәеит Хьыбла.

Станиславскии Немирович-Данченкои ртеатр амузыкантцәа ҿарацәа. - Sputnik Аҧсны
Амузыкантцәа ҿарацәа Пицунда иқәгылеит

— Лаима лфестиваль ашьҭахь ҳазыԥшуп Денис Мацуев иконцерт. Шәара апианино шашәырҳәогьы аадыруеит, ԥшь-напыкла шәеицыхәмарыр?

— Дениси сареи ҳаиҩызцәа бзиоуп. Даара бзиа дызбоит музыкантк иаҳасабалагьы. Уи аджазгьы, аклассикагьы уицыхәмарыр алшоит. Иалшоит ашәа ицуҳәаргьы…

Хьыбла раԥхьаӡа акәны Иурмала дыҟоуп. Акыршықәса раԥхьа Станиславскии Немирович-Данченкои ртеатр атруппа дрыцны Рига даҭаахьан. Латвиатәи амилаҭтә опера асценаҟны дықәгылан.

"Сара ара даара исгәаԥхоит. Аԥсыԥ лага-ҩагара сзымариоуп. Амзашҵлақәеи амшыни сара истәу роуп. Сара Пицунда сиит. Урҭ зегьы сзааигәоуп. Аамҭа соур Домтәи ауахәамахь снеир сҭахуп. Уаҟа иҟоу акустика егьа иссируп", — лҳәеит Гьерзмааԥҳа.

Хььыбла Аԥсны имҩаԥылгоит есышықәсатәи аклассикатәи аджазтәи музыка афестиваль "Хибла Герзмава приглашает…" Лара дазыхиоуп лфестиваль сааҭла алацәажәара.

Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Гьерзмааԥҳа Красноиарсктәи афестиваль аҟны

— Афестиваль мҩаԥысуеижьҭеи 15 шықәса ҵуеит. Уи сара даара сгәы аладууп. Агәыӷра сымоуп мышкызны Лаимагьы Пицунда дсызнеип ҳәа. Аԥсны зегьы бзиа деицырбоит. Ҳара ҳҟынгьы абраҟеиԥш аԥсабара џьашьахәуп. Ҳара ҳфестивальгьы иалахәылан: Владимир Спиваков, Елена Образцова, Свиатослав Белза, аоркестр "Виртуозы Москвы", Даниил Крамер, Иаков Окунь, Дебра Браун, Денис Мацуев, Ильдара Абдразакова, Александр Сладковски уҳәа ирацәаҩны еицырдыруа амузыкантцәеи ашәаҳәаҩцәеи.

Аоперадырыҩцәа иазгәарҭоит Хьыбла леиԥш абжьы зхо ашәаҳәаҩцәа шәышықәса рахь знык ауп ианиуа ҳәа. Лара илаҭәашьахахьеит хыԥхьаӡара рацәала аԥхьахәқәа: Петр Чаиковски ихьӡ зху аконкурс аҟны лараӡәзаҵәык лоуп Гран-при иаԥсахахьоу, иара убас "Золотой Орфей", "Золотая маска", Casta Diva Триумф" уҳәа рҟны аԥхьахәқәа дрыԥсахахьеит.

Ковент-Гарден, Метрополитен опера лхатәы ҩнык еиԥш илыԥхьаӡоит.

Ԥхынгәы 7 рзы аконцерттә зал "Дзинтари" аҟны афестиваль асасцәа ирзыԥшуп Хьыбла лыбжьы ссир аҳара.

Ажәабжьқәа зегьы
0