Зыҩаӡара ҳараку аҳақьым - Қьенан Албогачиев

© Foto / Сырма Ашәԥҳа.Зыҩаӡара ҳараку аҳақьым Қьенан Албогачиев.
Зыҩаӡара ҳараку аҳақьым Қьенан Албогачиев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказ иахылҵшьҭроу, зан даԥсыуоу, ззанааҭи заншьцәеи рахь агәыбылра ҷыда ҳақьымк иаҳасаб ала иаазырԥшуа, аԥсуа тәылауаҩшәҟәы иаԥсахаз анеираҳақьым Қьенан Албогачиев иҭоурых дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа.

"Ауаҩытәыҩса иалихыз азанааҭ ҭакԥхықәрала дазнеиуазароуп. Аҳақьым илшо зегьы ҟаиҵароуп ауаҩы игәабзиара ацхрааразы", — абарҭ ажәақәа ипрофессионалтә ԥсҭазаара зегьы ҵакыс ирымоуп, Сҭампыл ақалақь, "Медивиа" ахәышәтәырҭатә клиника ҳақьым хадас аус зуа, Кавказ иахылҵшьҭроу, зан даԥсыуоу, ззанааҭи заншьцәеи рахь агәыбылра ҷыда ҳақьымк иаҳасаб ала иаазырԥшуа, аԥсуа тәылауаҩшәҟәы иаԥсахаз анеираҳақьым Қьенан Албогачиев.

Фазилеҭ Агәмааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Фазилеҭ Агәмааԥҳа: ахааназы сгәы иҭынҵәом саб Аԥснынтә даныхынҳә имаз игәалаҟара зеиԥшраз

Ҩынҩажәи жәаха шықәса ирҭагылоу, жәлар рыхәрабӷьыц, ҳаамҭазтәи иҳараку атехнологиа ҿыцқәа рхархәарала, ахшыбаҩ адақәа рҿы аԥҟарақәа мҩаԥигоит. 

Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым амедицинатә усбарҭақәа рҿы аус иухьеит. Зыҩаӡара ҳараку аҳақьым Қьенан Албогачиев иԥышәа рымеидоит ахәышәтәырҭақәа рҿы аус зуа аҳақьымцәа. Уи иаԥшьигаз аметодика ахархәара амоуп ҳаамҭазтәи амедицинаҿы. 

Қьенан Албогачиев аҵара иҵон Анкаратәи амедицинатә университет аҿы, анаҩс фышықәса иҵара-дырра иациҵон Европеи Америкеи егьырҭ еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәеи рҿы. Иахьагьы уи дрылахәуп адунеизегьтәи амедицинатә ҭҵаарадырратә симпозиумқәеи аконференциақәеи. Уаҟа иҟаиҵоз ажәахәқәа, анырра ҳаракы роуит атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы. 

"Сара хылҵшьҭрала сингәышуп. Сан, Феқрие Ачԥҳа — даԥсыуоуп, шьҭрала Абазашҭатәуп. Аԥсны раԥхьаӡа акәны снеит 2005 шықәсазы, аԥсуа-абаза жәлар рконгресс салахәын.  Ааигәа Ингәыштәыла иҟоу Лоуааи сареи ҳаибаԥшааит. 1864 шықәсазы сабшьҭра Ингәыштәылантәи Иракҟа ацара рықәшәеит. Сабду актәи Адунеизегьтәи аибашьра далахәын, афицар ичын иман. Шықәсқәак раԥхьа, Иорданиа инхо сҭынхацәеи сареи ҳаибадырит, уахь срызцеит. Уи нахыс аимадара ҳабжьалеит, лассы-лассы ҳаибабоит, ҳаицәажәоит", — абас, иҭоурыхтә хҭысқәа дрылацәажәон аҳақьым Қьенан. 

Қьенан Албогачиев, Аԥсны аӡбахә акыр дазҿлымҳауп, иҟоуп Аԥснынтә амедицинатә цхыраара зиҭахьоу. Иара убас, агәаҳәара ааирԥшуеит Аԥснытәи аҳақьымцәа рԥышәа аизырҳаразы иара аус ахьиуа ахәышәтәырҭахь рааԥхьара.  

 

Ажәабжьқәа зегьы
0