Стенин ихьӡ зху аконкурс иаиааиз русумҭақәа цәыргақәҵахоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтенин ихьӡ зху аконкурс
Стенин ихьӡ зху аконкурс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гран-при 2016 ианашьахеит италиатәи афотоҭыхыҩ қәыԥш Данило Гарсиа Ди Мео ифотоҭыхымҭақәа рсериа "Летиция, история невидимой жизни" азы. Ди Мео идагьы аԥхьахәқәа ранашьахеит ирацәаҩны афотоҭыхыҩцәа.

АҞӘА, нанҳәа 31, Sputnik. Урыстәыла имҩаԥысуаз, ажурналистцәа қәыԥшцәа ирзырхаз, Андреи Стенин ихьӡ зху жәларбжьаратәи афотоконкурс аихшьаалақәа ҟаҵоуп.

Гран-при 2016 ианашьахеит италиатәи афотоҭыхыҩ қәыԥш Данило Гарсиа Ди Мео ифотоҭыхымҭақәа рсериа "Летиция, история невидимой жизни" азы. Ди Мео идагьы аԥхьахәқәа ранашьахеит ирацәаҩны афотоҭыхыҩцәа.

Афотоцәыргақәҵаҟны инагаз аусумҭақәа иреиӷьӡақәоу иреиуоуп.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Андреи Стенин ихьӡ зху афтоконкурс ахь арзаҳалқәа рыдкылара хыркәшәуп

Ацәыргақәҵаҿ иубар алшоит: Донбасс иазку Уфатәи Вадим Браидов ифотолетопись; 2015 шықәса нанҳәамзазы асловак журналист Роберт Таперт авенгр-сербтә ҳәааҟны иибаз амигрантцәа рышәҟәқәа рфотосахьақәа; Павел Ткачук иҭихыз суворовтәи аҵараиурҭа аҵаҩцәа рфотосахьақәа; Дмитри Волков иҭыхымҭақәа уҳәа ирацәаны.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысраны иҟоуп Москва Амузеи аҟны нанҳәа 31 инаркны цәыббра 11 рҟынӡа.

Рут Аххорн, аконкурс ажиури алахәыла, ажурнала GEO афоторедактор иазгәеиҭоит:

"Ажиури ирбаз гәҭынчрыла ирыдыркыло иҟамызт. Италиатәи афотоҭыхыҩ қәыԥш Данило Гарсиа Ди Мео исериаҿы даабоит зых иамыхәо аԥҳәыс қәыԥш. Афотоҭыхыҩ агәшаҭара ду аарԥшны иаҳирбоит уи аԥҳәыс лыԥшӡара. Иахәаԥшуа ибзиан иаҳбарҭоуп аԥҳәыс қәыԥш лгәазыҳәара ду — ауаа зегь реиԥш аҟазаара".

Афотоцәыргақәҵа аартра ацеремониаан МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев иазгәеиҭеит: Агәадура унаҭоит ахьӡ ҿыцқәа анааурԥшуа ҳәа.

Москва Амузеи адиректор Алина Сапрыкина илҳәоит: "Абар уажәшьҭа ҩышықәсоуп Москва Амузеи аҟны имҩаԥысуеижьҭеи Андреи Стенин ихьӡ зху афотоконкурс аҟны иаиааиз русумҭақәа рцәыргақәҵа. Аусумҭақәа аԥсҭазаара иадҳәалоуп. Иаласоуп. Ҳаамҭазтәи ауаажәларра рыԥсҭазаара иныҭкааны иудырбоит. Адокументалтә ҟазшьа рымоуп".

Ацәыргақәҵахь инаган 200 рҟынӡа усумҭа. Аиааира згаз рзы аинформациа нагӡа аиура алшоит stenincontest.ru. асаит аҟны.

2016 шықәса рзы афотоконкурс еизнагеит 6000 рҟынӡа усумҭа атәылақәа 71 рҟынтәи.

Москва Амузеи сынтәа имҩаԥнагахьеит 30 рҟынӡа цәыргақәҵа рпроект. Иаҭаахьеит 900 000-ҩык асасцәа.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотоконкурс мҩаԥысит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ) рыдгыларала. Информациатә партниорны иқәгылоит: ателеканал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo, аинформациатә агентра Askanews, амаҵзура Antara foto, аинформациатә маҵзурақәа EFE, EBС, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә агентра Notimex, ателеканали апортали RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG), аинформациатә агентра Xinhua, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Ажәабжьқәа зегьы
0