Шьамтәылатәи ар Алеппо аладатәи акалҭ ахы иақәиҭыртәит

© AFP 2023 / LOUAI BESHARAСириа.
Сириа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра ӷәӷәа ицоз ашьҭахь атеррористцәа рнапаҿы иаанхеит артиллериатә ҵараиурҭа ахьыҟоу аҭыԥ мацара.

АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. Шьамтәыла аиҳабыратә ар Алеппо аладатәи акалҭ аҟны иҟоу арратә школ аҵакырадгьыл ахы иақәиҭыртәит.

Владимир Путини Таиип Ердогани. - Sputnik Аҧсны
Путин агәра игоит Ердоган Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьа ҭышәыниртәалоит ҳәа

Ажәылара хацыркын амҽыша ауха. Сухеил Аль-Хасан инапхгарала арратә гәыԥ "Тигры" алахәылацәа ирылдыршеит Алеппо аквартал Рамуси анхарҭаҭыԥ Хан-Тумани еидызҳәалоз амҩа атеррористцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра. Убри ашьҭахь иалаган арратә ҵараиурҭақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рзы аибашьра.

Уажәтәи аамҭазы атеррористцәа рнапаҿы иаанханы иҟоу артиллериатә ҵараиурҭа заҵәык ауп.

Артиллериатә ҵараиурҭа ахы иақәиҭтәны иҟалар аиҳабыратә ар ирылдыршоит Рамус итәоу атеррористцәа рыкәшара. Уи алагьы иалдыршоит ақалақь ладала узлалало амҩаду аартра.

Иахьазы Алеппоҟа уназго ҳәа иҟоу Кастилло амҩаду заҵәык ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0