Боб Дилан Нобель ипремиа ианаршьеит

© AFP 2023 / FRED TANNEAUЕицырдыруа америкатәи ашәаҳәаҩ, акомпозитор Боб Дилан
Еицырдыруа америкатәи ашәаҳәаҩ, акомпозитор Боб Дилан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
75-шықәса зхыҵуа Боб Дилан 50 рҟынӡа альбом ҭижьхьеит, "Грэмми" апремиақәа 9 иоухьеит.

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik. Еицырдыруа америкатәи ашәаҳәаҩ, акомпозитор 75-шықәса зхыҵуа Боб Дилан 50 рҟынӡа альбом ҭижьхьеит, "Грэмми" апремиақәа 9 иоухьеит.

Уажәы иара ианаршьеит алитературазы Нобель ипремиа. Абри атәы аанацҳауеит апремиақәа зшо Швециатәи академиа.

Алитературазы апремиа XIX ашәышықәсазы Альфред Нобель иҳәахьала иаԥҵоу апремиақәа хәба ируакуп.

Сынтәа Нобель ипремиа иартәеит 8 миллион швециатә крон (932 нызқь доллар).

Ажәабжьқәа зегьы
0