Лозаннатәи аиҿцәажәарақәа хыркәшахеит

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асабша, жьҭаара жәохә рзы Лозанна имҩаԥысит Шьамтәыла аганахьала аиҿцәажәарақәа Урыстәылеи, Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Ирани, Катари, Саудтәи Аравиеи, Ҭырқәтәылеи, Египети, Ираки, Иорданиеи алахәны. Аиҿцәажәара иара убасгьы далахәын Шьамтәылатәи апроблема аӡбразы ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Стеффан де Мистура.

АҞӘА, жьҭаара 17 — Sputnik. Лозанна имҩаԥысуаз аиҿцәажәара алахәылацәа зегьы еицҿакны иазгәарҭеит Шьамтәыла иаку ҳәынҭқарраны инхароуп ҳәа. Аконсультациақәа рымҩаԥысраан Урыстәыла иазгәанаҭеит аоппозициеи атеррористцәеи хазы-хазны ирыхәаԥшлатәуп ҳәа. абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырраҭараҟны.

Асабшаҽны уи адагьы имҩаԥысит Урыстәылеи, Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Ирани, Катари, Саудтәи Аравиеи, Ҭырқәтәылеи, Египети, Ираки, Иорданиеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа алахәны иҷыдоу аиҿцәажәарақәа. Урҭ аиҿцәажәарақәагьы дрылахәын Шьамтәылатәи апроблема аӡбразы ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Стеффан де Мистура.

"Аиԥылара иалахәыз зегьы ишьақәдырӷәӷәеит Шьамтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш аӡбра знапы иану Шьамтәылатәи ажәлар роуп ҳәа", азгәаҭоуп адырраҭараҟны.

Иара абраҟагьы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәеит атеррористтә гәыԥ "Джебхат Фатх аш-Шам" (уаанӡа "Джебхат ан-Нусра") аоппозициатә гәыԥ акәны ишыҟам азхаҵатәуп ҳәа.

"Зегьы ирдыруазароуп ИГИЛ-и "Джебхат ан-Нусреи" ирҿагыланы ԥхьаҟагьы ақәԥара шымҩаԥысло", ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0