Искандер ипремиа ажиури аилазаара рылаҳәоуп

Анапаҵаҩра
Аусумҭақәа рыдкылара иалагоит ԥхынҷкәынмза 1 инаркны. Апремиа аиуразы ирыдыркыло аусумҭақәа рсиа кьыԥхьхоит 2017 шықәса хәажәкыра 6 рзы, Искандер имшира аҽны. Иалкаау рсиа рылаҳәахоит рашәарамза 15-17.

АҞӘА, абҵара 4 — Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху жәларбжьаратәи апремиа рыҭахоит аноминациақәа: иреиӷьу апроза, иреиӷьу ажәеинраала, иреиӷьу акиносценари рзы иҳәеит аиҿкааратә еилакы ахантәаҩы Борис Евсеев аԥшьаша имҩаԥигоз апресс-конференциаҟны.

"Апремиақәа рыҭахоит аноминациақәа: иреиӷьу апроза, иреиӷьу ажәеинраала, иреиӷьу акиносценари рзы. Иарбанызаалак аноминациа иамоуп ахьӡ. Апрозахь иаҵанакуеит ароман, аповест, ажәабжь. Иара хьӡны иамоуп: "Сюжет существования", — иҳәеит Евсеев.

Апремиа аиуразы рхы ықәдыргылар алшоит еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа реиԥш аҿаргьы, зырҿиамҭа 2016 шықәса рзы акьыԥхь абаз.

"Аҩбатәи аноминациа "Под лёгкой тяжестью небес" ахьӡуп, апоезиа ианоминациоуп. Ҳара иаҳҭахуп ажәеинраалақәа афиласофиатә ҵаҵӷәы рымазаарц", ҳәа азгәеиҭоит иара.

Ари аноминациаҿы иалку жәеинраалак акәымкәа еизгоу ажәеинраалақәа рышәҟәы мамзаргьы алитературатә журналқәа рҿы икьыԥхьу ажәеинраала еидкылақәа роуп апремиа занашьахо.

Евсеев иара убасгьы иҳәеит ишыҟоу аҽа номинациак: "Искандер фильм". Ари апремиа азырхоуп асахьаркыратә, анимациатә мамзаргьы адокументалтә фильм алкаара. Иара убри аан, Искандер иԥсҭазаара иадҳәаланы иҟазароуп,

Аԥсны иалацәажәозароуп, Искандер бзиа иибо аҭыԥқәа ирыхцәажәозароуп, иааидкыланы Искандер иԥсҭазаара аанарԥшуазароуп.

Аусумҭақәа рыдкылара иалагоит ԥхынҷкәынмза 1 инаркны. Апремиа аиуразы ирыдыркыло аусумҭақәа рсиа кьыԥхьхоит 2017 шықәса хәажәкыра 6 рзы, Искандер имшира аҽны. Иалкаау рсиа рылаҳәахоит рашәарамза 15-17.

Апремиақәа рыҭара мҩаԥгахоит Москва, Ақалақь Амш аҽны.

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь. Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса". Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Ажәабжьқәа зегьы
0