Саакашвили имаҵзура аанижьуеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСаакашвили имаҵзура аанижьуеит
Саакашвили имаҵзура аанижьуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина амчрақәа акоррупциа иаҿагыларц ргәы иахьҭам иахҟьаны Саакашвили имаҵзура аанижьуеит.

АҞӘА, абҵара 10 — Sputnik. Михаил Саакашвили Одессатәи аобласт агубернаторс дахьыҟаз аҟынтәи ихы дақәиҭтәызааит ҳәа Адҵа инапы аҵеиҩит Украина апрезидент Петр Порошенко. Абри адокумент атәыла ахада иофициалтә саит аҟны ицәыргоуп.

"Одессатәи аобласт Ахадара ахантәаҩы Михаил Саакашвили иусура дамхзааит" ҳәа аҳәоит адокумент аҟны.

Саакашвили иара убасгьы атәыла Ахада аштатнҭыҵтәи иабжьагаҩыс дахьыҟаз аҟнытә ихы дақәиҭтәуп.

Украина амчрақәа акоррупциа иаҿагыларц ргәы иахьҭам иахҟьаны Саакашвили имаҵзураа аанижьит, иара убри аан Петр Порошенко ахара идиҵоит ацәгьоуцәа рыклан адгылара риҭоит ҳәа.

Саакашвили иакәзар иҳәоит аполитикатә усура ацҵаразы Украина саанхоит ҳәа.

Саакашвили Одессатәи аобласт агубернаторс дҟаҵан 2015 шықәса лаҵарамза 30 рзы, Порошенко иажәадгалала.

Ажәабжьқәа зегьы
0