"Аиашьык еиқәаҵәа" хыхь ихаргалеит

© Sputnik / Пресс-служба МЧС РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҳаирплан ТУ-154 "аиашьык еиқәаҵәа" амшын иҭыргеит аԥшааҩцәа.
Аҳаирплан ТУ-154 аиашьык еиқәаҵәа амшын иҭыргеит аԥшааҩцәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳаирплан ТУ-154 "аиашьык еиқәаҵәа" амшын иҭыргеит аԥшааҩцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 — Sputnik. Аҳаирплан ТУ-154 "аиашьык еиқәаҵәа" амшын иҭыргеит аԥшааҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Асааҭ 8:48 рзы ирбеит, хыхьҟагьы ихаргалеит ТУ-154 "аиашьык еиқәаҵәа", ҳәа аанацҳауеит амаҵзура

Атәылахьчара аминистрраҟны иазгәарҭеит уи аҭҵааразы ЦНИИ ВВС ашҟа ишнагахо. Уаанӡа аԥшааҩцәа ирҳәахьан аҳаирплан ақыхәа ахәҭа шырыԥшаахьаз атәы. Аҳаирплан хәҭақәа акакала хыхьҟа рхагалара иаҿуп. "Аиашьык еиқәаҵәа" адыррақәа иалдыршоит арыцҳара шыҟалаз атәы аилыркаара.

Уажәазы арыцҳара зыхҟьаз ҳәа иазгәаҭоу абарҭ ахырхарҭақәа роуп: аҳаирплан аԥхасҭа амазаара, апилот игха, зхаҭабзиара лаҟәыз абылтәы.амаҵзура ҷыдақәа атеракт аҭыԥ аман ҳәа рҳәом.

Амҽыша, ԥхынҷкәын 25 рзы иҭахаз аҳаирплан ТУ-154 аекипаж рыдагьы иҭан адирежиор Валери Халилов напхгара зиҭоз Александров ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи рансамбль артистцәеи урыстәылатәи ажурналистцәеи, агәыҳалалратә фонд "Справедливая помощь" адиректор Елизавета Глинка. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аҳаирплан иҭан 92-ҩык ауааԥсыра. Авиакотострофа аҭҵааразы аиҳабыратә комиссиа аԥҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0