Ажурналистцәа наӡаӡа "абзиараз" ҳәа рарҳәеит "Останкино"

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАжурналистцәа наӡаӡа "абзиараз" ҳәа рарҳәеит "Останкино"
Ажурналистцәа наӡаӡа абзиараз ҳәа рарҳәеит Останкино - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳаирплан Ту-154 иҭаз ажурналистцәа рҵыхәтәантәи рымҩахь анасҭхагара ацеремониа мҩаԥысит ашәахьа, ателецентр "Останкино" аҟны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан Ту-154 иҭаз ажурналистцәа "абзиараз" ҳәа раҳәараз аграждантә панихида ацеремониа мҩаԥысит ашәахьа, ателецентр "Останкино" аҟны.

Уахь имҩахыҵит ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵаразы ажурналистцәа рколлегацәа, издыруаз иара ус – ауааԥсыра.

Ажурналистцәа анышә иамардеит ашәахьаҽны. Актәи аканал ажурналист Дмитри Рунков анышә дарҭоит аҩаша, дахьиз Архангельск ақалақь, Вологодтәи аԥсыжырҭаҟны.

Ԥхынҷкәын 25, ашьыжь, Шәача ақалақь ааигәара Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан каҳаит. Аҳаирплан иҭан Урыстәыла ар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль артистцәа, еицырдыруа агәыҳалалратә усмҩаԥгаҩ Елизавета Глинка (аҳақьым Лиза), иара убас Актәи аканали, НТВ-и, ателеканал "Звездеи" ржурналистцәа: Дмитри Рунков, Вадим Денисов, Александр Соидов, Павел Обухов, Александр Суранов, Валери Ржевски, Михаил Лужецки, Олег Пестов, Евгени Толстов. Ателеканал "Звезда" ажурналистцәа анышә иамардеит асабша.

Ажәабжьқәа зегьы
0