Евроеидгыла Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа рыҿҳәара инахар ҟалоит

© REUTERS/Paul Hackett/File PhotoЕвроеидгыла Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа рыҿҳәара инахар ҟалоит
Евроеидгыла Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа рыҿҳәара инахар ҟалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Евроеидгыла иалоу атәылақәа ааԥынразы Урыстәыла атәылауаа ирҿагыло асанкциақәа рыҿҳәара инахар ҟалоит.

АҞӘА, жәабран 6 — Sputnik. Евроеидгыла иалоу атәылақәа ааԥынразы Урыстәыла атәылауаа шәҩык рҟынӡа рганахь ала асанкциақәа рыҿҳәара инахар ҟалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура Блумберг адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Арахь иаҵанакуеит Аркади Ротенберг (СМП Банки ИнвестКапиталБанки рыцшьаҭаркҩы), абанк "Россиа" ахатәтәыҩцәа иреиуоу Иури Ковальчук", — ҳәа аҳәоит иҟоу адырраҭараҟны.

Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьақәа бааԥсхеит Украина иҟалаз аҭагылазаашьа иахҟьаны. Ԥхынгәымза, 2014 шықәса рзы Евроеидгылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи хаз иго ахаҿқәеи аилахәырақәеи инархыҳәҳәаны урыстәылатәи аекономика асекторқәак рганахь алагьы асанкциақәа ирылагеит.

Иара убри аамҭазы Евроеидгыла аӡбарҭа атрибунал иҵаҵӷәыркым ҳәа ахнаҳәааит Ротенберг иганахь ала иҟаҵоу асанкциақәа.

Ротенберг имҩаԥигоз аилаӡарақәа ракәзар, урҭ Украина аҭагылазаашьа аҽаԥсахаанӡа имҩаԥигахьан, Ротенберг аилахәыра "Гипротрансмост" дакционеруп ҳәа ирҳәазгьы шьақәырӷәӷәам. Убри инадҳәаланы Евроеидгыла аӡбарҭа атрибунал иҵаҵӷәыркым ҳәа ахнаҳәааит Ротенберг иганахь ала иҟаҵоу асанкциақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0