ИГИЛ атеррористцәа 40-ҩык аҭынч уааԥсыра ндырҵәеит

© © AP Photo/ Hassan AmmarШьамтәылатәи ақалақь Ель-Баб
Шьамтәылатәи ақалақь Ель-Баб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи ақалақь Ель-Баб аҟны ИГИЛ атеррористцәа 40-ҩык аҭынч уааԥсыра ндырҵәеит. Уажәазы Шьамтәылатәи ар ақалақь мраҭашәарахьтәи агани аладатәи акалҭи рганахь ала аҽеизакра иаҿуп ахы ақәиҭтәразы.

АҞӘА, жәабран 13 — Sputnik. Шьамтәылатәи ақалақь Ель-Баб аҟны ИГИЛ атеррористцәа 40-ҩык аҭынч уааԥсыра ндырҵәеит. Уажәазы Шьамтәылатәи ар ақалақь мраҭашәарахьтәи агани аладатәи акалҭи рганахь ала аҽеизакра иаҿуп ахы ақәиҭтәразы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал Аль-Маиадин адырраҭарақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Адырраҭарақәа рыла ахәашаҽны Шьамтәылатәәи арратә мчрақәеи иара иадгыло амчрақәеи ақалақь Ель-Баб аҟынтәи атеррористцәа злалҵыр рылшоз амҩа заҵә ааныркылеит. Ар ақалақь иахыкәшеит.

ИГИЛ атеррористцәа амацәаз иҭаркит, аха иара убри аан шьамтәылатәи арратә мчрақәеи аҭырқәа ари реицықәгылара напхгарак амам. Дамаск официалла иаԥхьаӡоит Ҭырқәтәыла ар иара аҵакырадгьыл аҟны аҟазаара агрессиоуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0