Азҵаарақәа реихшьаалақәа рыла урыстәылаа НАТО шәарҭаны ирыԥхьаӡоит

© AP Photo Geert Vanden WijngaertАзҵаарақәа реихшьаалақәа рыла урыстәылаа НАТО шәарҭаны ирыԥхьаӡоит
Азҵаарақәа реихшьаалақәа рыла урыстәылаа НАТО шәарҭаны ирыԥхьаӡоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә гәаанагара ҭызҵаауа америкатә институт Урыстәыла имҩаԥнагеит аҭҵаарақәа. Изазҵааз 2000-ҩык инаӡоит. Урҭ рҟынтәи 67 % иазгәарҭеит Аҩада Атлантикатә алианс шәарҭоуп ҳәа.

АҞӘА, жәабран 13 — Sputnik. Џьорџь Геллап ихьӡ зху ауаажәларратә гәаанагара ҭызҵаауа америкатә институт Урыстәыла имҩаԥнагеит аҭҵаарақәа. Изазҵааз 2000-ҩык инаӡоит. Урҭ рҟынтәи 67 % иазгәарҭеит Аҩада Атлантикатә алианс шәарҭоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"67% рҟынӡа урыстәыла инхо ауаа НАТО ашәарҭара ацны иахәаԥшуеит, 3% заҵәык роуп иара хьчаҩык иҳасабны избо ", — ҳәа аҳәоит аинститут асаит аҟны.

Егьырҭ иаанхаз ареспондентцәа иалкааны ҭакк рзыҟамҵеит.

Европа акәзар алианс хьчагак аҳасабала иршьоит. Убас, Польше усеиԥш ирыԥхьаӡоит 62% ареспондентцәа, 8% аполиакцәа роуп НАТО ашәарҭара аҵызбаауа. Косово, Албаниа 90% — 70% НАТО аҟазаара ргәы арҭынчуеит. Сербиа акәзар НАТО шәарҭоуп ҳәа азырҳәоит – 64% ареспондентцәа.

НАТО шәарҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит Белоруссиа 54%, Қырҭтәыла 37%, Украина 35%. Азҵаарақәа мҩаԥысуан 2016 шықәса зегьы.

Асеиԥш иҟоу азҵаара-ҭҵаарақәа раан агха ишьақәнартәар алшоит 2,7 — 3,9 процент ҳәа аҳәоит Геллап иинститут адырраҭараҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0