Урыстәыла аганахь ала ЕАШ асанкциа ҿыцқәа аланагалар ҟалоит

© REUTERS/Toby MelvilleУрыстәыла аганахь ала ЕАШ асанкциа ҿыцқәа аланагалар ҟалоит
Урыстәыла аганахь ала ЕАШ асанкциа ҿыцқәа аланагалар ҟалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконгресс аҟны имҩаԥгаз аҭҵаарақәа ирылҵшәаны Урыстәыла аганахь ала ЕАШ(США) асанкциа ҿыцқәа аланагалар ҟалоит, иҳәеит америкатәи асенатор Крис Мерфи.

АҞӘА, жәабран 20 — Sputnik. Аконгресс аҟны имҩаԥгаз аҭҵаарақәа ирылҵшәаны Урыстәыла аганахь ала ЕАШ(США) асанкциа ҿыцқәа аланагалар ҟалоит, иҳәеит америкатәи асенатор Крис Мерфи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла изныкымкәа иаҿаԥнаҽхьан акибержәыларақәа ҟанаҵеит ҳәа иазырҳәоз амц ԥаршеи. ЕАШ (США) апрезидент иалхра анырра ҟанаҵеит ҳәа иазырҳәогьы ҵаҵӷәыданы ишыҟоу унарбоит иахьа уажәраанӡагьы иарбанызаалак шьақәырӷәӷәарак ахьыҟам.

"Обама иҟаиҵахьаз асанкциақәа еиҭарыцҵахар алшоит", — иҳәеит аконгрессмен Миунхентәи аконференциаҿы дықәгыло.

Урыстәыла Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иазгәеиҭоит иарбанызаалак аҽыԥныҳәа шьаҭа аманы ишыҟам, факт ҳәа акгьы шырзаамырԥшуа. Иара иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аҳәамҭақәа баша цәажәароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0