Венесуела аполитиказы иҭаку аушьҭны алхрақәа мҩаԥыргарц адырҵоит

© Sputnik / Дмитрий Знаменский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКаракас. Архивтә фото
Каракас. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ихьыԥшым жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алархәны алхрақәа мҩаԥырымгар, Венесуела Америкатәи аҳәынҭқаррақәа реиҿкаара (ААР) иалгазарц адҵа ҟаиҵоит Луис Альмагро.

АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Америкатәи аҳәынҭқаррақәа реиҿкаара (ААР) алахәыла тәылақәа 35 рҟынтәи 14 Венесуела аполитиказы иҭаку аушьҭны алхрақәа мҩаԥыргарц адырҵоит, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Адокумент рнапы аҵарҩит: Аргентина, Бразилиа, Канада, Чили, Колумбиа, Коста-Рика, ЕАШ, Гватемала, Гондурас, Мексика, Панама, Парагваи, Перу, Уругваи.

"Ҳара иазаҳаԥхьаӡоит аполитиктә ҟазшьала иҭаку роушьҭреи, амилаҭтә ассамблеиа аӡбрақәа раргамареи, алхрақәа рымзар ашьақәыргылареи хымԥада аԥыжәара рыҭара аҭахуп ҳәа", азгәаҭоуп ААР адокумент аҟны.

ААР амаӡаныҟәгаҩ хада Луис Альмагро ААР ахеилак ахь инаишьҭыз ашәҟәы аҟны иарбоуп Каракас аиҿкаараҿ иаанхарц аҭахызар алхрақәа хымԥада имҩаԥгатәуп ҳәа. Уи адагьы ихымԥадатәиуп ҳәа иара иазиԥхьаӡоит аполитиказ иҭаку рхы рақәиҭтәра, иаԥыху азакәанқәа реиҭархынҳәра, амилаҭтә алхратә хеилак ҿыци иреиҳаӡоу аӡбарҭеи реиҭалхра.

"Ҳара иазаҳаԥхьаӡоит Америкабжьаратә демократиатә хартиа ишаҳәо ала, Венесуела аиҿкаара алахәра аанкылара аҵыхәтәантәи ашьаҿаҟны анеироуп иаанаго ҳәа", азгәаҭоуп ААР аҳәамҭаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0