Трамп адунеи аҿы ашәарҭадара аиӷьтәра дзацымхрааит

© Sputnik / Кейтлин Оукс / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕАШ апрезидент Дональд Трамп
ЕАШ апрезидент Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европа, Америкатәи аштатқәа, Латынтәи Америка руааԥсыра "Трамп иалхра ашьҭахь адунеи еиҳа ишәарҭадахома?" ҳәа разҵаара мҩаԥнагеит 2017 шықәса рзы ауаажәларратә гәаанагара ҭызҵаау аилахәыра TNS Global.

АҞӘА, мшаԥымза 11— Sputnik. Азҵаара аихшьаалақәа рыла Трамп иҟазаара гәрамгарала иахәаԥшуеит Германиа атәылауаа. Уаҟа 72% ауааԥсыра Трамп амчрахь данааи ашьҭахь адунеи еиҳагьы ашәарҭара иҭагылеит ҳәа, Америка акәзар ас ихәыцуа 45% роуп, Франциа усеиԥш ирыԥхьаӡоит 64%, Бразилиа – 60%, Британиа ду – 55%, Ҭырқәтәыла — 52%, Италиа – 49%.

© SputnikТрамп иалхра ашьҭахь адунеи еиҳа ишәарҭадахама
Трамп иалхра ашьҭахь адунеи еиҳа ишәарҭадахама - Sputnik Аҧсны
Трамп иалхра ашьҭахь адунеи еиҳа ишәарҭадахама

Трамп дааижьҭеи адунеи еиҳа ишәарҭадахеит ҳәа ирыԥхьаӡоит: Америка — 28%, Бразилиеи Италиеи — 13%, Британиеи Ҭырқәтәылеи – 11%, Германиа – 8%, Франциа – 6%.

Адунеи ашәарҭадара Трамп иакәӡам изыдҳәало ҳәа ирыԥхьаӡоит: Италиа — 32%, Ҭырқәтәыла– 28%, Британиа ду– 25%, Франциа – 21%, Бразилиа — 19%, Америкатәи аштатқәа – 17%, Германиа 13%.

Азҵаарақәа рхы рыладырхәит быжь-тәылак рҟынтәи ареспондентцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0