Диарбакыр аԥжәарақәа ҟалеит

© REUTERS TVДиарбакыр аԥжәарақәа ҟалеит
Диарбакыр аԥжәарақәа ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Диарбакыр ҭырқәтәылатәи акурдцәа ираҳҭнықалақьуп ҳәа иршьоит. Ақалақь ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 843,5 нызқьҩык инаӡоит. Аиҳарак курдцәоуп.

АҞӘА, мшаԥымза 11 – Sputnik. Диарбакыр агәаҟны аԥжәарақәа ҟалеит, ԥшьҩык ахәрақәа роуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости NTV ателеканал ахь азхьарԥш ҟаҵо.

Уаанӡа ҭырқәтәылатәи АИХ (СМИ) адырра ҟарҵахьан Баглар араион аҟны асааҭ 10.45 рзы аԥжәара ҟалеит ҳәа. Аԥжәара мҩаԥысит аполициаа ркәлаӡтәытехника аремонт ахьазыруаз ахыбраҟны.

Ԥшьҩык ахәрақәа роуит. Урҭ руаӡәы иҭагылазаашьа уашәшәыроуп. Диарбакыр ҭырқәтәыла акурдцәа ираҳҭнықалақьуп ҳәа иршьоит. Ақалақь ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 843,5 нызқьҩык инаӡоит. Аиҳарак курдцәоуп.

Диарбакыр активла аус ауеит Ҭырқәтәыла ззин ыҟам Курдысҭан аусуцәа рпартиа. Апартиа иаҿагыланы изныкымкәа атәыла амчрақәа имҩаԥыргахьеит антитеррористтә операциақәа. Убри инадҳәаланы араион аҟны атуризм аҿиара амам.

2015 шықәса рзы ара аҭыԥ змаз бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа рышьҭахь Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абжьагара ҟанаҵеит Урыстәыла ауааԥсыра ари аган аҿы иҟоу апровинциақәа рҭаара ԥыркырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0