Лаҵарамза 1 азы Париж 30 нызқьҩык амҩадуқәа рахь ицәырҵит

© REUTERS/Gonzalo FuentesШествие 1 мая в Париже
Шествие 1 мая в Париже - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азанааҭеидгыла дуқәа еиҿыркааз аныҟәарақәа мҩаԥысит Париж, уи еиднакылеит 30 нызқьҩык рҟынӡы ауааԥсыра.

АҞӘА, лаҵарамза 2 — Sputnik. Лаҵарамза 1 азы Париж 30 нызқьҩык амҩадуқәа рахь ицәырҵит, ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Реитер.

Абри аан азанааҭеидгылақәа ирҳәоит аныҟәара иалахәыз рхыԥхьаӡара 80 нызқьҩык ыҟан ҳәа.

Амаҵзура ишаанацҳауа ала аныҳәатә ныҟәара иалахәыз изныкымкәа арадикалцәеи дареи еиҿанагалеит. Уи адагьы арадикалцәа аангыларҭақәа рҟны асаркьақәа ԥырҽуан, агәам-сам амца ацрарҵон.

Аполициа ракәзар алаӷырӡаагага агаз рыларҵеит, уи адагьы Амилаҭ рашҭа араион иахьаҵанакуаз иргылан аӡыршәга. Аидысларақәа ирыхҟьаны аполициа аусзуҩцәа ԥшьҩык ааха роуит.

Адырра шыҟоу ала атәыла зегь аҟны акциақәа рхы рыладырхәит 140 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0