Урыстәыла иреиӷьу амедиа-менеџьерцәа рахь иаҵанакит "Sputnik" анапхгаҩцәа

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла иреиӷьу амедиа-менеџьерцәа рахь иаҵанакит "Sputnik" анапхгаҩцәа
Урыстәыла иреиӷьу амедиа-менеџьерцәа рахь иаҵанакит Sputnik анапхгаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2017 шықәса рзы Амедиабизнес аусхк аҟны амилаҭтә премиа роуит МИА "Россия сегодня" атоп-менеџьерцәа Андреи Благодыренкои Александр Штоли.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 — Sputnik. 2017 шықәса рзы Амедиабизнес аусхк аҟны амилаҭтә премиа роуит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" атоп-менеџьерцәа Андреи Благодыренкои Александр Штоли ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аиҿкааҩцәа ишырҳәо ала апремиа "Медиа-Менеджер России" урыстәылатәи амедиобизнес аҟны апрофессионалтә хәшьара ду акәны иԥхьаӡоуп. 2017 шықәса рзы апремиа иаԥсахеит 90-ҩык рҟынӡа атоп-менеџьерцәа. Дара рыхәшьарақәа мҩаԥысуан 4 туркны.

Аконкурстә лыҟәшәаара аихшьаалақәа рыла МИА "Россия сегодня" аредактор хада ихаҭыԥуаҩ Андреи Благодыренко аԥхьахә ианашьоуп Урыстәыла анҭыҵ урыс бызшәала иҭыҵуа акьыԥхьымҭақәа рҟны илагала дуи урҭ рыларҵәаразы иҟаиҵо ацхыраарази, агентра афотомаҵзура анапхгаҩы Александр Штоль — афотожурналистикаҟны атренд ҿыцқәа раԥҵаразы.

"Даара агәахәара унаҭоит апрофессионалтә еилазаара ҳтәылаҿ имҩаԥысуа аиҭакрақәа иахьрызхьаԥшуа. Апроект анхацыркха инаркны ҩышықәсеи бжаки рыҩныҵҟа ҳара иҳалҳаршеит аредакциатә мультимедиатә центрқәа 10 аусура раларгара. Дара уажәы есыҽны урыс бызшәалеи амилаҭ бызшәалеи ажәабжьқәа ҭрыжьуеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны ИАР атәылақәеи Балтиатәи атәылақәеи рҟны онлаин-СМИ рҟны Sputnik аԥыжәара аиуртә аҟаҵара", — иҳәеит Благодыренко.

Афотомаҵзура анапхгаҩы Штоль иакәзаргьы ҭабуп ҳәа ахиҳәааит иусура иаиуз ахәшьара ҳаракы.

"Сара сзы аԥхьахә ахә ҳаракуп, избанзар иара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иранашьан иналукааша амедиа-експертцәеи Урыстәылатәи АИХ (СМИ) рнапхгаҩцәеи", — иҳәеит иара.

Штоль иара убасгьы иазгәеиҭеит амаҵзура шрылаҽхәо есышықәсатәи жәларбжьаратәи аконкурсқәа рҟны аиааира зго ржурналистцәа.

МИА "Россия сегодня" —жәларбжьартә медиагәыԥуп. Иара иахықәкы хаданы иҟоуп адунеи аҟны иҟало ахҭысқәа ишәаны-изаны раарԥшра, еиуеиԥшым агәаанагарақәа азыӡырыҩцәа рызнагара, аҽаӡә имырзогьы абрахь иналаҵаны.

Гран-при ранашьахеит: "Национальнаиа медиа группа" адиректор хада Ольга Паскина, "Газпром-Медиа Развлекательное телевидение" адиректор хада Артур Джанибекиан, амедиагәыԥ адиректор "Центр" Анастасиа Власова арегионалтә медиахолдингқәа рыҟәшаҿы длауреатхеит.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
"Левитан еиԥш иаҳҳәоит" аконкурс аихшьаалақәа мҩаԥысит

Уи адагьы аноминациа "Социальная ответственность медиабизнеса" аҟны аиааира роуит аинвалидцәа ррегионалбжьаратә уаажәларратә еиҿкаара "Доступ есть" анагӡаратә директор Иури Ковалеви Апортал "Такие дела" адиректор Дмитри Алешковски.

Афедералтә кьыԥхьтә медиа аҟәшаҿы иреиӷьу лауреатцәаны рыхьӡ ҳәоуп ажурнал "Огонек" адиректор хада Сергеи Агафонов, арегионалтә кьыԥхьтә АИХ (СМИ) иреиӷьу амедиаменеджерцәа ҳәа рыхьӡ ҳәоуп "Комсомольская правда" Ставропольтәи афилиал адиректор Альбина Бгатцевеи "Аргументы и факты – Южный Урал" аредактор хада Елена Ревниакови.

Ателехәаԥшра аҟәшаҿы иреиӷьхаз ракәхеит: ателерадиоеилахәыра "ПЯТНИЦА" адиректор хада Николаи Картозиа, "ОРТРК" адиректор хада Александр Малькевич. Ателеканал "Dомашний" адиректор хада Марина Хрипунова аиааира лгеит атематикатә телеканалқәа ркатегориаҿы. Афедералтә радиостанциақәа ркатегориаҟны аԥыжәара лоуит "Авторадио" апродиусор хада Ирина Ипатова, арегионалтә радиоқәа рыбжьара "Саранск ТВ" рдиректор хада Иури Понетаикин. Акатегориа "Онлайн-СМИ" акатегориаҟны лауреатс лыхьӡ ҳәоуп асаит cosmo.ru, ИД Independent Media аредактор хада Екатерина Великанова.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Sputnik афотокорреспондент ADME PHOTO AWARDS 2016 аҟны даиааиит

Аноминациа "Реклама и маркетинговые коммуникации" аҟны ииааиит "ЭвереСТ-С" адиректор хада Алексеи Тостоган, ТВ-3 амаркетинг-директор Лилиа Шерозиа, "Почта Банк" авице-президент Евгениа Ленскаиа, Аӡыргаратә аагентра AG DeltaPlan адиректор хада Кирилл Коноплев, аилахәыра анагӡаратә директор Станислав Черныи, Dentsu Aegis Network Russia апрезидент Олег Полиаков, Video Planning адиректор хада Наталиа Куликова.

Аноминациа "Коммуникации и связи с общественностью" аҟны иреиӷьу менеџьерны ишьоуп: Москва ақалақь амер Иусбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Евгени Козлов, СК "РОСГОССТРАХ" ауаажәларра рнырразы Адепартамент анапхгаҩы Андреи Бириуков, "Аэрофлот" ауаажәларра рнырразы Адепартамент анапхгаҩы Андреи Согрин, агентра Ketchum апартнер, адиректор хада Михаил Маслов.

Иара убасгьы рыхьӡ ҳәан акоммерциатә маркетинг адепартамент "Европейской медиа группы" адиректор Екатерина Ерошкина, "Индустриальный комитет по телеизмерениям" адиректор хада Сергеи Петров, Липецктәи аобласт "Р.О.С.ПЕЧАТЬ" адиректор хада Валентина Полуказакова. 

Иҷыдоу аноминациала ажиури иалнакааит агазеҭ "Мой район. Москвеи" "Малый бизнеси" рҭыжьҩы Елена Массарскаиа, онлайн-кинотеатр адиректор хада Tvzavr Марина Сурыгина, "Москва Медиа" PR аҟәшеи амаркетинги Мариа Михаиловеи, агазеҭ "Вечерняя Москва" аредакциа адиректор Иана Портнова, "НТВ" апродиуссор хада Тимур Ваинштеин, аимпакт-продиусер, Асоциалтә Кино "Третий Сектор" алабораториа асахьаркыратә напхгаҩы Никита Тихонов-Рау.

Ажәабжьқәа зегьы
0