ЕАШ Ниу-Иорк иҟоу Урыстәыла Ахаҭарнакреи Вашингтон иҟоу Ацҳаражәҳәарҭеи архынҳәра иазхәыцуеит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВашингтон иҟоу Аҩны Шкәакәа
Вашингтон иҟоу Аҩны Шкәакәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕАШ (США) Ахада Барак Обама ианиаамҭаз идикылеит асанкциақәа рзы аӡбра. Дара рзырхан Ниу-Иорк иҟоу Урыстәыла Ахаҭарнакреи Вашингтон иҟоу Ацҳаражәҳәарҭеи ақалақьнҭыҵтә рхыбрақәа ҩба раркра. Ахыбрақәа Урыстәыла иахатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа рҟны уажәы иалацәажәоит абарҭ ахыбрақәа рырхынҳәра азҵаара, "аусеицура ашанс амазаарц" ҳәа иҳәоит ЕАШ Ахада ицхырааҩ ихаҭыԥуаҩ Себастиан Горка, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аинырреи аусеицуреи ашанс рымазаарц", — иҳәеит Горка Аҩны Шкәакәа апозициа дахцәажәо ателеканал CNN аинтервиу анеиҭоз.

"Иҟалоит ҳара еиуеиԥшым афилософиа ҳамазар, еиуеиԥшымкәа азҵаарақәа ҳрызнеиуазар, аха иҟоуп иаҳзеиԥшу аусқәа", — иҳәеит иара.

Усеиԥш иҟоу ҿырԥшны иара иааигеит Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа.

"Шьамтәыла 400 нызқьҩык инареиҳаны ауаа шьуп. Ҳара иаабоит Кремль абри аганахь ала аинышәара ада ԥсыхәа ыҟамкәа шаԥхьаӡо. Ари иаанагоит ҳтәылақәа рыҩба ганкахьы, хырхарҭак ахь еицыԥшуеит ҳәа", азгәеиҭоит Горка.

Уаанӡа Урыстәылеи Аштатқәеи рхадацәа Гамбург имҩаԥысуаз асаммит G20 аҟны еизааибагеит Шьамтәыла алада-мраҭашәаратәи араионқәа рҟны аҭынчра ашьақәыргыларазтәи ауснагӡатәқәа рызҵааразы. Шьамтәылаз ООН Ахаҭарнак ҷыда Стаффан де Мистура аҳәамҭа ҟаиҵеит ООН Шьамтәыла алада-мраҭашәаратәи араионқәа рҟны аҭынчра ашьақәыргылараз аинышәара аимак аҭыԥ ақәҵаразы аҵак ду аманы иашьоит ҳәа.

ЕАШ (США) Ахада Барак Обама 2016 шықәса рзы идикылеит Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ҩба рзы аӡбра. Дара ҵаҵӷәны ирыман "Урыстәыла Америка имҩаԥысуаз алхрақәа анырра азыҟанаҵеит", ҳәа агәаанагара. Асанкциақәа рзырхан Ниу-Иорк иҟоу Урыстәыла Ахаҭарнакреи Вашингтон иҟоу Ацҳаражәҳәарҭеи ақалақьнҭыҵтә рхыбрақәа ҩба раркра. Ахыбрақәа Урыстәыла иахатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0