АИХ: Америка иалшоит Урыстәылатәи Аконсултә ҭыԥқәа руак аркра

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВашингтон иҟоу Аҩны шкәакәа
Вашингтон иҟоу Аҩны шкәакәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа рперсонал аркьаҿразы Владимир Путин ҭабуп ҳәа иаҳәатәуп, ахарџьқәа еиҵеитәит ҳәа.

АҞӘА, нанҳәа 11 — Sputnik. Америка анапхгара ирылшоит Урыстәылатәи Аконсултә ҭыԥқәа руак адыркыр ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ "Коммерсант" ахь азхьарԥш ҟаҵо..

"Америка анапхгара Урыстәыла аконсултә ҭыԥқәа руак арктәуп ҳәа адҵа ҟарҵар алшоит, Москватәи асанкциақәа рҭакс", ҳәа аҳәоит адырраҟны.

Иазгәаҭоуп асеиԥш аӡбра шрыдыркылаз азы цәыббра 1 азы адырра ҟарҵар ҟалоит ҳәа.

Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла ақалақьқәа Санкт-Петербург, Екатеринбург, Владивосток рҟны иҟоуп Америка аконсултә ҭыԥқәа, Урыстәыла акәзар аконсултә ҭыԥқәа ԥшьба Америка ақалақьқәа Ниу-Иорк, Сан-Франциско, Сиетл, Хиустон рҟны иҟоуп ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Мраҭашәаратәи асанкциақәа рҭакс Урыстәыла афатәаалыҵтә ембарго иацнаҵеит - Sputnik Аҧсны
Мраҭашәаратәи асанкциақәа рҭакс Урыстәыла афатәаалыҵтә ембарго иацнаҵеит

Уаанӡа Урыстәыла, Иран, КНДР рганахь ала асанкциақәа рыдкыларазы азакәан адкыларазы рыбжьы рҭиит ЕАШ асенаторцәа 100-ҩык рҟынтәи 98-ҩык. Ҩыџьа абри иаҿагылеит.

Мчыбжьык уи аԥхьа, ЕАШ аконгресс ахаҭарнакцәа бжьеиҳала ирыдыркылахьан абри адокумент.

Уажәы азакәан нашьҭхоит атәыла Ахада Дональд Трамп иахь анапаҵаҩразы. Атәыла Ахада имоуп алшара ари адокумент авето ақәҵара.

Авето аԥыхразы аконгресс аҿы ирҭаххоит 2/3 бжьы палата-цыԥхьаӡа. Уи, имҩаԥысхьоу абжьыҭирақәа рышьҭахь иҟалар алшоит.

Адокумент амчра аиур 2014 шықәса раахыс реиҳа инарҭбаау ԥкыратә пакетны иҟалар алшоит. Урыстәылатәи аекономика аганахь ала азакәан апроект иарҭбаауеит асанкциақәа. Хаҭала иаркьаҿуеит ЕАШ асанкциақәа ирыҵаркуа урыстәылатәи абанкқәа рԥаразоужьра 14 мшы рҟынӡа, анефҭи агази рсектор иаҵанакуа абанкқәа рԥаразоужьра – 60 мшы рҟынӡа (уажәы урҭ 30 мши 90 мши инаӡоит).

Иара убасгьы уажәтәи асанкциақәа ирыҵаркуеит апроект ҿыцқәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла. Абри аҭакс Владимир Путин иазгәеиҭеит Урыстәыла иҟоу ЕАШ Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара ркьаҿтәуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0