Минсктәи аинырратә гәыԥ еилацәажәеит

© Sputnik / Виктор Толочко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг спецпредставителя ОБСЕ по Украине Мартина Сайдика в Минске. Архивное фото
Брифинг спецпредставителя ОБСЕ по Украине Мартина Сайдика в Минске. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ОБСЕ ахаҭарнак Саидик иазгәеиҭеит аинырратә гәыԥ аиҿцәажәарақәа ирыхәап ҳәа дышгәыӷуа.

АҞӘА, цәыббра 7 – Sputnik. Украина алада-мрагыларатәи ахәҭаҟны аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа Минсктәи аиԥылараан ирылацәажәеит ЛЖәР (ЛНР) ахь аы анашьҭра асхемеи атәанчахәы ашәара азҵаареи иҳәеит х-ганктәи аинырратә гәыԥ аҟны ОБСЕ ахаҭарнак Мартин Саидик. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

Алахәылацәа реиԥылараҿы атҟәацәа реимдарагьы иалацәажәараны иҟан.

"Аекономикатә зҵаарақәа рзы аусутә гәыԥ алацәажәеит аӡы ахәԥса ашәара амеханизм", — иҳәеит Саидик, иагьазгәеиҭеит азҵаара ԥхьаҟагьы иахәаԥшраны ишыҟоу.

Саидик иҳәеит аганқәа аимак ахьыҟоу аҭыԥ аҟны аинфраструктуратә обиектқәа рыхьчара хымԥадатәиуп ҳәа шазырыԥхьаӡаз.

"Ахьҭақәа шааҟалалак иактуалхараны иҟоуп астаница Луганск аҟны ацҳа аремонт азура. Аганқәа иарбанызаалак ԥхьажәада аграждантә уааԥсыра ринтересқәа рыхьчара рҽазыршәароуп", — иҳәеит иара.

Украина аиҳабыра 2014 шықәса мшаԥымзазы арратә операциа хацдыркит Донецктәи Жәлар рреспубликеи Лугансктәи Жәлар рреспубликеи руааԥсыра рганахь ала. Арҭ ареспубликақәа 2014 шықәса жәабранмзазы ихьыԥшыму республиканы рхы рыларҳәеит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аиҿагылара иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит 10 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0