Стенин ихьӡ зху аконкурс аҟны ииааиз рыхьӡқәа ҳәоуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото конкурса имени Стенина
Архивное фото конкурса имени Стенина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз, Урыстәыла имҩаԥысуаз Андреи Стенин ихьӡ зху жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоконкурс аихшьаалақәа ҟаҵоуп, аиааира згаз рыхьӡқәа ӡыргоуп. Абри азы аинформациа аиура алшоит аконкурс асаит аҟәша "Победители – 2017" аҟны.

АҞӘА, цәыббра 8, Sputnik. Урыстәыла имҩаԥысуаз Андреи Стенин ихьӡ зху жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоконкурс аихшьаалақәа ҟаҵоуп, аиааира згаз рыхьӡқәа ӡыргоуп.

Аноминациа "Главные новости" ала актәи аҭыԥ ианашьахеит афотожурналист Алехандро Мартинес Велеси (Испаниа). Велеси актәи аҭыԥ ианашьахеит афотосессиа "Белградтәи ахҵәацәа" азы. Аҭыхымҭа иара убасгьы аԥхьахә анашьоуп Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак (МККК) аҟынтәгьы. Аноминациа "Моя планета" аҟны актәи аҭыԥ роуит Сербиатәи ажурналистка Елена Инковичи урыстәылатәи ажурналист Павел Волкови. Аноминациа "Спорт" аҟны аиааира ргеит Москва, Владивосток, Новгород рҟынтәи ажурналистцәа. Актәи аҭыԥ роуит Новгородтәи Константин Чалабови Москватәи Алексеи Филиппови. Аноминациа "Портрет. Герой нашего времени" аҟны актәи аҭыԥқәа роуит Урыстәылеи Италиеи рфотожурналистцәа. Аноминациа "Лицо из прошлого" аҟны аиааира игеит афотожурналист Данило Гарсиа Ди Мео.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" афотомаҵзура анапхгаҩы Александр Штоль:

"Есышықәса аконкурс агеографиа аҽарҭбаауеит. 2017 шықәса рзы иара рҽаладырхәит 76 тәыла рҟынтәи афотожурналистцәа. Ҳара агәахәара ҳнаҭоит иахьатәи ҳаамҭазы афотосахьа актуалра аманы, еиуеиԥшым ауаа, атәылақәа, адунеи аҟны иҟоу аиҭакрақәа еилукаартә иахьунарбо, апроблемақәа ахьаанарԥшуа ", — ҳәа иҳәеит.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев иазгәеиҭеит:

"Иахьатәи амш ҳара ҳзы акрызҵазкуа мшны иҟоуп. Есышықәса, ҭагалан алагамҭаз ҳара даҳгәалаҳаршәоит ҳҩыза, афотокорреспондент, аредакциа ахьӡала Украина аҭыхрақәа рымҩаԥгараан иршьыз Андреи Стенин. Андреи игәалашәаразы ихьӡ ахьӡаҳҵеит афотоҭыхыҩцәа ҿарацәа рыбжьара имҩаԥааго аконкурсгьы. Иахьа, Стенин ихьӡ иаҵагыланы афотожурналистикахь зшьаҿа еихызгаз аҿар адунеи иадырдыруеит ргәы иҵхо, измырҭынчуа", — ҳәа.

Стенин ихьӡ зху 2016 шықәсазтәи аконкурс еизнагеит 6000 усумҭа 71 тәыла рҟынтәи. Аиааира згаз русумҭақәа ықәыргылан: Москва, Стамбул, Кеиптаун, Шанхаи, Пекин, Каир, Берлин, Рим, Марибор, Лиублин ақалақьқәа рҟны. 2016 шықәсазтәи аконкурс Гран–при ианашьахеит италиатәи афототыхыҩ Данило Гарсиа Ди Мео.

2017 шықәсазтәи аконкурс ахь инагоуп 5 000 рҟынӡа усумҭа. Аконкурс апортал stenincontest.ru ахь 76 тәыла рҟынтәи афоторепартиорцәа русумҭақәа нарышьҭит. Аиҳаракгьы активла рхы аадырԥшит: Урыстәыла, Индиа, Италиа, Китаи, Беларуссиа, Испаниа, Польша, Бангладеш рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа.

Аконкурс еиҿнакааит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня". Иара иахьазы Урыстәыла ахьӡ ҿыцқәа аазыртуаны иҟоу конкурс заҵәыкуп.

2017 шықәса рзы аусумҭақәа алыркаауеит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Главные новости", "Спорт", "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени". Аконкурс аԥхьахәтә фонд иартәоит: 50, 35, 25 нызқь мааҭ, номинациа-цыԥхьаӡа. 500 нызқь мааҭ ианашьахоит "Гран-при" зырҭо афотоҭыхыҩ.

Аконкурс апортал stenincontest.ru аҟны аконкурс аҿы аиааира згаз зегьы рсиа цәыргоуп.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аконкурс информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo. Аконкурс жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзуреи ардиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG).

Аусхкытә информациатә партниорцәа рыҳасабала иара иадгылоит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла,Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Аишьцәа Лиумер рыхьӡ зху ацәыргақәҵатә Центр аҟны ауснагӡатә хыркәшахоит цәыббра 17 рзы, аҭаара хәыда-ԥсадоуп. Москватәи ацәыргақәҵа ашьҭахь аконкурс аҟны аиааира згаз русумҭақәа ықәыргылахоит Урыстәылеи адунеи егьырҭ атәылақәеи рцәыргақәҵатә залқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0