КНДР аганахь ала ООН асанкциақәа акыр иџьбароуп

© РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаг КНДР
Флаг КНДР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН Ашәарҭадаратә хеилак аҟынтәи иалагалоу аркьаҿрақәа ирхьырԥшны КНДР иаҭиуа аӡеи егьырҭ аматериалқәеи рҟынтәи ахашәала 90% рҟынӡа илаҟәуеит.

АҞӘА, цәыббра 12— Sputnik. ООН Ашәарҭадаратә хеилак аҽазныкгьы абжьыҭира мҩаԥнагеит КНДР аганахь ала асанкциақәа ралагаларазы. Асеиԥш аӡбра мҩаԥгахеит КНДР афбатәи аиадертә ԥышәара аныҟанаҵа ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

Аҩадатәи Кореиа аекспорти аимпорти акыр иԥызкуа адокумент азнархиеит ЕАШ (США), адгылара анаҭеит Урыстәылеи Китаии налаҵаны ООН Ацәарҭадаратә хеилак алахәыла тәылақәа зегь рҟынтәи.

Адокумент ҿыц инақәыршәаны КНДР анефтлыхқәа ралагалара ԥкхоит 500 000 баррель аҟынӡа 2017ш. жьҭаара 1 инаркны ԥхынҷкәын 31 аҟынӡа, 2018ш. егьырҭ иашьҭанеиуа ашықәсқәеи рзы 2 миллион баррель рҟынӡа. Ари Пхениан иаиуа абылтәы 55% рҟынӡа еиҵанатәуеит.

ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш асанкциа ҿыцқәа ралагалара ашьҭахь Пхениан ахь ааԥхьара ҟаиҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак аӡбрақәа ирықәныҟәаларц.

КЖәР (КНР) адәныҟатәи аусқәа рминистр Ген Шуан КНДР аганахь ала ООН арезолиуциа ҿыц ашьҭахь иҳәеит Китаи ишалнамыршо Кореиатәи адгьылбжьахаҿы аибашьра, иҟоу апроблема ҭынчмҩала аҭыԥ иқәҵатәуп иҳәеит иара.

Урыстәыла Ахаҭарнак Васили Небензиа иакәзаргьы ООН атәылақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭагылазаашьа аполитика-дипломатиатә ҟазшьала аҭышәныртәалара рҽазыршәарц.

"КНДР анапхгара афинанс-економикатә қәыӷәӷәара ирыҭоу еиҳаны иузалыршом. Иаанханы иҟоу мҽхакыҭбаалатәи атоталтә ҭахкаароуп. Уи агуманитартә кризис ахь укылнагоит", — иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0