Иапониа: КНДР аракета ҳҵакырадгьыл иахыԥрааит

CC0 / / Баллистическая ракета
Баллистическая ракета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
КНДР аракета ҿыц 3700км. рҟынӡа аԥырратә лшара зманы иҟоу иамоуп алшара адгьылбжьаха Гуам аҟынӡа инаӡарц.

АҞӘА, цәыббра 15 — Sputnik. КНДР аракета ахәаша ашьыжь Иапониа аҵакырадгьыл иахыԥрааны, Хоккаидо адгьылбжьахала Еримо 2000 километра инацәхыкны амшын иалаҳаит. Абри атәы иҳәеит Иапониа Аиҳабыра амаӡаныҟәгаҩ хада Есихиде Суга ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"КНДР асааҭ 7.04 (1.04 мск) инаркны 7.06 (1.06 мск) рҟынӡа иҭнарҟьаз аракета Иапониа аҵакырадгьыл иахыԥрааны Хоккаидо адгьылбжьахала Еримо 2000 километра инацәхыкны амшын иалаҳаит", — иҳәеит иара апресс-конференциаҟны.

Абаллистикатә ракета ҵәҩанҵәытәи аҳаракыра 800 километра иҟан, аԥырратә ура – 3700 километра ҳәа азгәеиҭеит Иапониа Аиҳабыра амаӡаныҟәгаҩ хада Есихиде Суга.

Аладатәи Кореиа ахатәы баллистикатә ракета "Хенму-2" ҭнарҟьеит Аҩадатәи Кореиа аракетатә ԥышәарақәа ишрылгазҵәҟьа.

"Аладатәи Кореиа Иапониатәи амшын ахь ахырхарҭа аҭаны ахатәы баллистикатә ракета "Хенму-2" ҭнарҟьеит Аҩадатәи Кореиа арратә мчрақәа аԥышәарақәа ишрылгазҵәҟьа", — ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Аладатәи Кореиа арбџьар мчқәа рштабқәа реиҳабацәа еиду реилак аҟны.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы абаллистикатә ракетақәа изныкымкәа рыԥырра мҩаԥыргахьеит абри арегион аҟны. Нанҳәамза 29 рзы асеиԥш аракета арԥырра мҩаԥнагеит КНДР. Усҟангьы иара Иапониа аҵакырадгьыл иахыԥрааны Хоккаидотәи адгьылбжьагала Еримо инацәхыкны 1180 километра ахьыбжьаз амшын иалаҳаит.

Аамҭақәак рышьҭахь КНДР аҳәамҭа ҟанаҵеит абаллистикатә ракета "Хвасон-12" аԥышәара мҩаԥган ҳәа. Аԥышәара далахәын атәыла Ахада Ким Чен Ын.

Ажәабжьқәа зегьы
0