Изыцҵоу Европатәи асанкциақәа амчра роуит

© Sputnik / Владимир Сергеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаги России, ЕС, Франции и герб Ниццы на набережной Ниццы
Флаги России, ЕС, Франции и герб Ниццы на набережной Ниццы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Евроеидгыла ахеилак иаднакылахьан аӡбра иара агәаанагарала Украина асуверинитет ҵыршәаауеит ҳәа ирыԥхьаӡо аграждантәи аиуристтәи хаҿқәа рганахь ала асанкциақәа харҭәааны рыҿҳәара иацҵазарц.

АҞӘА, цәыббра 15— Sputnik. Евроеидгыла аофициалтә журнал аҟны икьыԥхьуп Украина асуверинитет ҵыршәаауеит ҳәа ирыԥхьаӡо аграждантәи аиуристтәи хаҿқәа рганахь ала асанкциақәа харҭәааны рыҿҳәара иацҵазарц Евроеидгыла иаднакылаз аӡбра.

Асанкциақәа ирыцҵоуп 2018 шықәса хәажәкыра 15 рҟынӡа. Ажурнал аҟны ианкьыԥхьха ашьҭахь аӡбра официалла амчра аиуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥшьаша, Евроеидгыла ахеилак официалла ишьақәнарӷәӷәеит иара агәаанагарала Украина асуверинитет ҵыршәаауеит ҳәа иԥхьаӡо аграждантәи аиуристтәи хаҿқәа рганахь ала асанкциақәа харҭәааны рыҿҳәара иацҵатәуп ҳәа уаанӡа иаднакылахьаз аӡбра. Асанкциақәа иазыԥхьагәарҭоит Евроеидгыла аҵакыра алалара аԥкра.

Асиа иалган зыԥсҭазаара иалҵыз ԥшьҩык ахаҿқәа.

Урыстәылеи Украинеи ртәылауаа, Украина аҵакырадгьыл акзаара еиԥырҟьоит, асуверинитет ҵыршәаауеит ҳәа ззы агәаанагара ыҟоу рганахь ала асанкциақәа алагалан 2014 шықәса хәажәкырамзазы.

Асанкциатә сиа абарҭ ашықәсқәа рзы еиҳа-еиҳа ихаҭәаауеит. Аҵыхәтәаны иара харҭәаан 2017 шықәса нанҳәа 4 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0