Адгьыл аҟны зегь иреиҳабыз ауаҩы лыԥсҭазаара далҵит

© AP Photo Raymond SimpsonВайолет Мосс Браун (в центре), 16 апреля 2017 года
Вайолет Мосс Браун (в центре), 16 апреля 2017 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мосс-Браун мшаԥымза 15 2017 шықәса раахыс адунеи аҟны зегьы иреиҳабыз ауаҩԥсы ҳәа дшьан. Уажәшьҭа уи лҭыԥ аанылкылоит аиапон ԥҳәыс Наби Тадзима –117 шықәсеи 43 мши зхыҵуа.

АҞӘА, цәыббра 18 — Sputnik. Иамаика, 117 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Ваилет Мосс-Браун (Violet Mosse-Brown), адунеи аҟны зегь раасҭа ақәра рацәа змаз ҳәа ааицҳауеит атәыла Аԥыза-министр Ендриу Холнесс Twitter аҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иамаика, 117 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Ваилет Мосс-Браун (Violet Mosse-Brown), адунеи аҟны зегь раасҭа ақәра рацәа змаз ҳәа иԥхьаӡаз. Бымҩа лашазааит", —  ҳәа иҩуеит Холнесс иофициалтә аккаунт аҿы.

Ваилет Мосс-Браун официалла ари атитул лоуит мшаԥы 15 2017 шықәса рзы, Италиа атәылауаҩ Емма Моран лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0