Адгьыл аҟны амхалдызтә ԥшаӷьы G2 аҩаӡара аиуит

Анапаҵаҩра
Аҵарауаа иҟарҵо азыԥхьагәаҭарала амҽыша цәыббра 17рзы амхалдызтә ԥшаӷьы еиҳа иԥсыҽхоит, G аҩаӡара аҟынӡа илаҟәуеит.

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik. Амраҟны иҟаз амцацәырҟьарақәа ирыхҟьаны Адгьыл аҟны амхалдызтә ԥшаӷьы ӷәӷәахеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Беларусь акосмостә ҳауа азыԥхьагәазҭо америкатәи Ацентр (NOAA) адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

 Аҵыхәтәантәи ажәәамш Амраҟны амцацәырҟьарақәа ыҟан. Уи иахҟьеит амхалдызтә ԥшаӷьқәа рыҟалара.

 "Аҵыхәтәантәи ажәәамш Амраҟны амцацәырҟьарақәа ыҟан. Уи иахҟьеит амхалдызтә ԥшаӷьқәа G2 аҟынӡа рыҟалара", — ҳәа аҳәоит Ацентр адырраҭараҟны.

 Аҵарауаа иҟарҵо азыԥхьагәаҭарала амҽыша цәыббра 17рзы амхалдызтә ԥшаӷьы еиҳа иԥсыҽхоит,  G аҩаӡара аҟынӡа илаҟәуеит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0