Адунеи ачемпионат 2018 алахәылацәа ирыцлеит аҽа ҩ-командак

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКубок ЧМ-2018 по футболу представили в Омске
Кубок ЧМ-2018 по футболу представили в Омске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәсазтәи Адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа.

АҞӘА, жьҭаара 10— Sputnik. Адунеи ачемпионат 2018 алахәылацәа ирыцлаз рыхьӡқәа шьақәыргылоуп. Абри атәы аанацҳаит Sputnik Южная Осетия Спорт Експресс адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Ргәыԥқәа рҟны актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Исландиеи Сербиеи. Арҭ акомандақәа уаанӡатәи 15 команда ирыцлеит.

Адунеи ашьапылампыл азы ачемпионат иалахәхараны иҟоу акомандақәа 32 рҟынтәи 17 команда рыхьӡ шьақәырӷәӷәоуп:

Урыстәыла (ачемпионат аԥшәма), Бразилиа, Иран, Иапониа, Мексика, Бельгиа, Кореиа, Саудовтәи Аравая, Германиа, Англиа, Испаниа, Нигериа, Коста-Рика, Польша, Египет, Исландиа, Сербиа.

Атурнир егьырҭ алахәылацәа рыхьӡқәа ԥхьаҟа ишьақәыргылахоит.

2018 шықәсазтәи Адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа.

Атурнир ахәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп: Москва, Санкт-Петербург, Калининград, Волгоград, Казань, Нижни Новгород, Самара, Саранск, Ростов-на-Дону, Екатеринбург, Шәача.

Ажәабжьқәа зегьы
0