Хворостовски дыԥсит ҳәа ирҳәаз мцхеит

© Sputnik / Алексей Даничев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОперный певец Дмитрий Хворостовский
Оперный певец Дмитрий Хворостовский - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аинформациа амассатә хархәагақәак ирыладырҵәеит аоператә шәаҳәаҩы Дмитри Хворостовски иԥсҭазаара далҵит ҳәа, аха нас уи шиашамыз рҳәеит.

АҞӘА, жьҭаара 11 — Sputnik. Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Герзмаа Дмитри Хворостовски дыԥсит ҳәа ирыладырҵәаз ажәабжь мцуп ҳәа ахылҳәааит.

"Дмитри иԥсы ҭоуп. ажәабжь мцуп", — ҳәа лыҩуеит лара асоциалтә ҳа Instagram адаҟьаҟны.

Дмитри Хворостовски иԥшәмаԥҳәыс лакәзар, иара убас иаҿаԥылҽит ари ажәабжь Facebook аҿтәи лдаҟьаҿы.

"Схаҵа иԥсы ҭоуп анцәа иџьшьарала. Абасеиԥш амц еиқәзырҽаҽо ауаа аҩсҭаа ихәхароуп" ҳәа лыҩуеит Флоранс Хворостовски.

Уаанӡа, Урыстәыла аинформациа амассатә хархәагақәак ирыладырҵәеит аоператә шәаҳәаҩы Дмитри Хворостовски Лондон ақалақь аҟны иԥсҭазаара далҵит ҳәа.

Аамҭақәак рышьҭахь дара убарҭ аҭыжьымҭақәа рхаҭа ринформациа хдырбгалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0