Шьамтәылатәи атеракт 50 ԥсҭазаара агеит

© © AP Photo/ Hassan AmmarСирийский город Эль-Баб
Сирийский город Эль-Баб - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атеррористцәа-аҽшьыҩцәа хҩык апровинциа Хасака аҟны рыҽԥыржәеит

АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik. Атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" алахәылацәа, атеррористцәа-аҽшьыҩцәа хҩык шьамтәылатәи апровинциа Хасака аҟны рыҽԥыржәеит. Аԥжәара иахҟьаны иҭахеит жәаҩыла аҭынч уааԥсыра. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

Курдистан Аџьар ҟаԥшь адыррақәа рыла 50-ҩык ауааԥсыра ҭахеит. Аиҳаракгьы иҭахаз аҳәсақәеи ахәыҷқәеи роуп. Дара апровинциа Деир-ез-Зор аҟынтәи ахҵәаҩцәа иреиуоуп.

Агәыԥ "Исламское государство" адунеи атәылақәа жәпак рҟны аҟазаара азин ыҟам. Иара алахәылацәа имҩаԥыргоит атерактқәа. Урҭ ирыхҟьаны иҭахоит аиҳарак аҭынч уааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0