Египет 60-ҩык рҟынӡа аполициа аусзуҩцәа ҭахеит

© AFP 2023 / MOHAMED EL-SHAHEDСкорая помощь в Египте. Архивное фото.
Скорая помощь в Египте. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Египт аполициа аусзуҩцәа атеррористтә гәыԥ ақәлараан ирацәаҩны иҭахеит.

АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Каир азааигәаратәи араион Ель-Вахат аҟны атеррористтә гәыԥи дареи реидыслараан иҭахеит 54-ҩык аполициа аусзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Атеррористтә гәыԥи дареи реидыслараан иҭахеит 54-ҩык аполициа аусзуҩцәа. Урҭ рҟынтәи 20-ҩык аофицарцәа" ҳәа иҳәоит атәыла ашәарҭадаратә маҵзура ахаҭарнак.

Иара убасгьы иҳәеит уажәазы аиҿагылара хыркәшаны аполициауаа араион акәша-мыкәша атеррористцәа рҟынтәи арыцқьара ишаҿу.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла ахәашаҽны аполициауаа араион ацәҳәыра ҭыԥ аҿы зҽыҵәахны иҟаз атеррористтә гәыԥ рықәгаразы аоперациа мҩаԥыргон. Атеррористцәа Египет еиҳа ашәарҭара зҵоу агәыԥқәа рахь иаҵанакуан.

Уахь инеиз аполициауаа иаразнакы бџьармцала ирԥылеит.

Ахархәара рыҭан РПГ аҩыза ахысга бџьарқәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0