Каталониа аиҳабыра рхада: Мадрид ахымҩаԥгашьа адемократиа ҵнашәаауеит

© Sputnik / Javier Luengo / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВсеобщая забастовка в поддержку референдума о независимости Каталонии в Барселоне
Всеобщая забастовка в поддержку референдума о независимости Каталонии в Барселоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Испаниа Аԥыза-министр аҳәамҭа ҟаиҵахьан атәыла аиҳабыра Испаниа Аконституциа ахәҭаҷ 155 ахархәара аҭахоит ҳәа. Иара инақәыршәаны абри ашьҭахь Мадрид ахахьы иагароуп Каталониа аиҳабыра рнапынҵақәа рымҩаԥгара.

АҞӘА, жьҭаара 23— Sputnik. Карлес Пучдемон ажәлар рахь ателехәаԥшрала дықәгыланы иҳәеит Испаниа аиҳабыра рхымҩаԥгашьа адемократиа ақәыӷәӷәароуп иаанаго ҳәа.

"Каталониа имҩаԥысуа адемократиа ахәаҽроуп. Арҭ аусхкқәа егьырҭ аҭыԥқәа жәпакы рҿгьы ашәқәа аадыртуеит", — иҳәеит Аженералитет ахада.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Испаниа Аԥыза-министр Мариано Рахои каталониаа рыӡбрақәа зегьы раԥыхра даҿуп ҳәа.

Асабша ашьыжь, Испаниа аминистрцәа реилазаара аилацәажәара ҷыда мҩаԥыргеит, Испаниа Аконституциа 155-тәи ахәҭаҷ ахәаԥшразы. Ари ахәҭаҷ инақәыршәаны иалшоит Каталониа автономтә статус аанкылара.

Рахои имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы иҳәеит ирыдыркылаз аӡбра Асенат аҟны ишьақәырӷәӷәатәны ишыҟоу. Испаниатәи Апарламент хыхьтәи апалата аилатәара мҩаԥгахоит жьҭаара 27 рзы.

Акция в Барселоне, посвященная референдуму о независимости Каталонии - Sputnik Аҧсны
Пучдемон Каталониа ахьыԥшымра алаҳәара аамҭақәак иаанкылазарц иҳәеит

Испаниа Аԥыза-министр иҳәамҭа инақәыршәаны атәыла аиҳабыра Испаниа Аконституциа ахәҭаҷ 155 ахархәара аҭахоит ҳәа. Иара инақәыршәаны абри ашьҭахь Мадрид ахахьы иагароуп Каталониа аиҳабыра рнапынҵақәа рымҩаԥгара.

Жьҭаара 1 азы Каталониа ахьыԥшымразы ареферендум мҩаԥган. Иааидкыланы абжьыҭира рхы аладырхәит 2,3 миллионҩык Каталониа ауааԥсыра.

Алхырҭатә ҭыԥқәак рҟны алхыҩцәеи аполициеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Иҟоуп ахәрақәа зауз.

Испаниа акрал Фелипе VI ижәлар рахь иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ иазгәеиҭеит Каталониа аиҳабыра ареферендум амҩаԥгарала Испаниа акзаара ҵыршәааит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0