ИГИЛ-аа рышьҭаҵарҭаҿы иҿыцӡоу абџьар рыԥшааит

© AFP 2023 / AMER ALMOHIBANYБоец ИГ. Архивное фото.
Боец ИГ. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылатәи арратә мчқәа иааныркылаз ИГИЛ-аа рышьҭаҵарҭаҿы ирбеит НАТО аҵыхәтәантәи абџьар ҿыц.

АҞӘА, жьҭаара 25 — Sputnik. Шьамтәылатәи арратә мчқәа иааныркылаз ИГИЛаа (атеррористтә гәыԥ "Исламского государства") рышьҭаҵарҭаҿы ирбеит НАТО (США, Бельгиа, Британиа Ду) аҵыхәтәантәи абџьар ҿыц аҿырԥшқәа. Абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Шьамтәылатәи ар реинрал Ҳасан Сухеил. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Шьамтәылатәи ар, Урыстәылатәи аҳаиртә мчқәа рыцхыраарала рнапахьы иааргеит Меиадин ақалақь аҿы атеррористцәа рышьҭаҵарҭа ду.

"Ҳнапахьы иаагаз атрофеи арантәи ақәгаразы фымш рҟынӡа ҳҭаххоит. Ашьҭаҵарҭаҿы иҟоу абџьар аиҳарак аҳәаанырцәтәқәа роуп", — иҳәеит Сухеил.

Шьамтәылатәи аруаа ажурналистцәа иддырбеит Меиадин ақалақь аҿы рнапахьы иааргаз ашьҭаҵарҭаҿ иҟаз абџьар. Абџьар аиҳара НАТО атәылақәа рҿы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус здырулоз ахкоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0