Даур Барганџьиа мап ацәикуеит идыркылаз аԥара цәӡара

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание суда по рассмотрению ходатайства следствия об аресте подозреваемого в хищении денежных средств у В. Этуша
Заседание суда по рассмотрению ходатайства следствия об аресте подозреваемого в хищении денежных средств у В. Этуша - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Амилаҭтә банк уаанӡатәи ахантәаҩы Даур Барганџьиа иганахь ала ашьаус хацыркуп.

АҞӘА, жьҭаара 26 – Sputnik. Аусҭҵааҩцәа дааныркылеит еицырдыруа актиор Владимир Етуш ԥаршеирыла аԥара ицәигеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу Аԥсны Амилаҭтә банк уаанӡатәи ахантәаҩы Даур Барганџьиа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Москва ашьаусҭҵааратә Усбарҭа хадаҟны ишырҳәаз ала Барганџьиа даанкылоуп.

Даур Барганџьиа аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥарақәа уалла изгеит, рырхынҳәра сгәы иҭоуп ҳәа.

"Сара ахаангьы мыцԥаршеирыла схы мҩаԥызымгац. Изгаз ауал ашәара сыгәҭакуп. Аԥара уалла ишызгаз азы исымоу ашәҟәы ԥхынҷкәынынӡа азиншьаҭа амоуп" — иҳәеит Барганџьиа.

Уаанӡа Урыстәылатәи АИХ рҟны 95-шықәса зхыҵуа Владимир Етуш 28 миллион аԥара мыцҳәарыла имырхит ҳәа аинформациа рыларҵәан.

2013 шықәса рзы актиор иԥара аҳәаанырцә абанк алаҵаразы дицхраарц диҳәеит Аԥсны Амилаҭтә банк уаанӡатәи ахантәаҩы Даур Барганџьиа. Барганџьиа аԥара игеит. Актиор иҭаацәа аԥара архынҳәра анырҭахха мап ҳәа рарҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0