Каталониа ахьыԥшымра иаҿагылоу Барселона амҩадуқәа рахь икылсит

© AFP 2023 / PIERRE-PHILIPPE MARCOU Люди размахивают испанскими флагами во время митинга за единство в Барселоне 29 октября 2017 год
Люди размахивают испанскими флагами во время митинга за единство в Барселоне 29 октября 2017 год - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Каталониатәи апарламент ахьыԥшымраз арезолиуциа анрыдыркыла ашьҭахьи Мадрид иаднакылаз ауснагӡатәқәа рышьҭахьи иаку Испаниа иадгыло ауаа Барселона амҩадуқәа рахь икылсит.

АҞӘА, жьҭаара 30 — Sputnik. Каталониатәи апарламент ахьыԥшымраз арезолиуциа анрыдыркыла ашьҭахьи Мадрид иаднакылаз ауснагӡатәқәа рышьҭахьи Испаниа акзаара иадгыло ауаа амҽышаҽны Барселона амҩадуқәа рахь икылсит аҭыԥантәи аиҳабыра рпозициа иаҿагыланы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Амитинг аиҿкаара аԥшьнагеит ауаажәларратә еиҿкаара "Каталонское гражданское общество". Уи адгылара арҭеит: ацентристтә партиа "Граждане", Каталониа асоциалисттә партиа армаратәи Жәлар рпартиа.

Митинг в поддержку независимости Каталонии в Барселоне. - Sputnik Аҧсны
Каталониа ахьыԥшымра рылаҳәара агәы иҭоуп

Дара зегьы аҭыԥантәи аиҳабыра рганахь ала аоппозициахь иҟоуп. Шәҩыла ауаа Барселона иҟоу Испаниа Амилаҭтә полициа ахыбрахь инеит, азинхьчаратә органқәа ишрыдгылоу аарԥшразы.

Дара зегьы еицҿакны ирҳәоз Испаниа акзаара ишадгылоу ауп. Акциа алахәылацәа Испаниеи Каталониеи рмилаҭтә бираҟқәа рнапқәа рҿы иркын.

Аманифестациа аҭынч ҭагылазаашьа аманы имҩаԥысуан.

Каталониатәи апарламент ахәашаҽны иаднакылеит арегион ахьыԥшымразы арезолиуциа. Абри ашьҭахь сааҭк ааҵуаны, Испаниа асенат ишьақәнарӷәӷәеит Аконституциа 155-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны Каталониа ишиашоу анапхгара аҭара иалагоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0