Ниу-Иорк иҟалаз атеракт иахҟьаны ауаа ҭахеит

© AFP 2023 / ANGELA WEISSТеракт в Нью-Йорке
Теракт в Нью-Йорке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Саифулло Саипов Узбекисҭанынтә Америкаҟа дааит 2010 шықәса рзы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы 29-шықәса зхыҵуа ахаҵа Флорида дынхон.

АҞӘА, абҵара 1— Sputnik. Азинхьчаратә органқәа итерактуп ҳәа ззыршьаз арыцҳара ҟалеит Ниу-Иорк ақалақь аҟны. Аидарамҩангага машьына аԥсҟы зкыз ауаҩы имашьына ашьаҟауаа ирылеиҵеит. Ааҩык ауаа ҭахеит, жәеизаҩык ахәрақәа роуит.

Саифулло Саипов Узбекисҭанынтә Америкаҟа дааит 2010 шықәса рзы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы 29-шықәса зхыҵуа ахаҵа Флорида дынхон абри атәы аанацҳауеит Sputnik Узбекистан.​

Ниу-Иорк аполициа русбарҭа адыррақәа рыла амашьына амҩа ианыҵны амаланыҟәа-цәаҳәа ианылеит Манхеттен араион аҿы. Амашьынарныҟәцаҩ амаланыҟәарныҟәцаҩцәа шьуа ашколтә автобус имашьына ажәиҵеит. Абри ашьҭахь апеинтбол азы атапанча ҭыхны аполициа аусзуҩ диехсит. Иара уажәы ахәышәтәырҭахь днагоуп.

Ниу-Иорк Ахада Билл Де Блазио ахҭыс терактуп ҳәа ахиҳәааит.​​

Атеракт ҟаиҵеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы Uber аҟны аус иуан.

​ Uber ахаҭарнак ишьақәирӷәӷәеит ацәгьоуҩы дара реилахәыраҿы машьынарныҟәцаҩыс дшыҟаз, агәаҭаратә уснагӡатәқәа зегьы дшырхыжьыз.

Америкатәи АИХ иҟарҵо адыррақәа рыла 29-шықәса зхыҵуа Сеифулло Саипов имашьынаҟны ашәҟәы аанижьит атеракт "Исламтәи аҳәынҭқарра" ахьӡала имҩаԥызгоит ҳәа.

США Ахада Дональд Ниу-Иорк аполициа иахәҭаны иҟоу ацхыраара раҳҭоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0