Испаниа Каталониа ахьыԥшымраз арезолиуциа иашам ҳәа иаԥхьаӡоит

© REUTERS / YVES HERMANПресс-конференция Карлеса Пучдемона в Брюсселе
Пресс-конференция Карлеса Пучдемона в Брюсселе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Каталониа аиҳабыра уаанӡатәи аиҳабы Карлес Пучдемон Бриуссель дызԥылаз ажурналистцәа иреиҳәеит аполитикатә хыҵәахра гәҭакны ишимам.

АҞӘА, абҵара 1— Sputnik. Испаниа Аконституциатә ӡбарҭа аамҭала иааннакылеит Каталониа ахьыԥшымраз арезолиуциа аусура. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Ииасыз ахәашазы Каталониа Апарламент алахәылацәа абжьыҭира мҩаԥыргеит Мадрид анапаҵаҟа аҵыҵразы. Абри ашьҭахь Мадридтәи аиҳабыра арегион аҟны ишиашоу анапхгара аланагалеит. Каталониа аиҳабыра (Аженералитет) русура ааныркылеит.

Люди размахивают испанскими флагами во время митинга за единство в Барселоне 29 октября 2017 год - Sputnik Аҧсны
Каталониа ахьыԥшымра иаҿагылоу Барселона амҩадуқәа рахь икылсит

Ашәахьа Испаниа Апрокуратура хада Апарламент алахәылацәа, Каталониа аиҳабыра, Пучдемонгьы дналаҵаны рганахь ала аҳәынҭқарратә шьақәгылара аарҳәра рыгәҭакын ҳәа ирзашшит. Абри ашьҭахь Аженералитет ахадеи хәҩык иара иколлегацәеи Бриуссельҟа ицеит. Иҟан агәаанагарақәа урҭ уахь хыҵәахра ицеит ҳәа.

Аха аҩашаҽны Пучдемон арҭ агәаанагарақәа хирбгалеит.

Каталониа аиҳабыра уаанӡатәи аиҳабы Карлес Пучдемон Бриуссель дызԥылаз ажурналистцәа иреиҳәеит аполитикатә хыҵәахра гәҭакны ишимам.

Иара иажәақәа рыла Бриуссельҟа дааит ахақәиҭреи ашәарҭадареи рпринципқәа инарықәыршәаны аилкаара иоуп ҳәа.

Председатель правительства Карлес Пучдемон подписал декларацию о независимости Каталонии - Sputnik Аҧсны
Каталониа ахада Ахьыԥшымраз Адекларациа инапы аҵеиҩит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла каталониатәи аполитик иинтересқәа рыхьӡара дадгылеит бельгиатәи адукат Поль Бекарт. Бекарт абри атәы иҳәеит ателерадиоеилахәыра VRT.

Бекарт аамҭақәак рзы басктәи асепаратисттә гәыԥ "ЭТА" алахәылацәа Луис Моренои Ракель Гарсиеи ринтересқәа ихьчон.

Ахьыԥшымразы ареферендум мҩаԥган Каталониа жьҭаарамза алагамҭазы. Ареферендум алҵшәақәа азакәан шьаҭа рымам ҳәа иԥхьаӡан Мадрид.

Ажәабжьқәа зегьы
0