Ердогани Путини реиқәшәара азыԥхьагәаҭоуп

© Sputnik / Sergey Guneyev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Турции Реджеп Тайип Эрдоган, фото из архива
Президент Турции Реджеп Тайип Эрдоган, фото из архива - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәылақәа рыҩба рхадацәа реиқәшәара азыԥхьагәаҭоуп абҵарамзазы. Аиԥылараан ирылацәажәараны иҟоуп еиуеиԥшым азҵаарақәа, шьамтәылатәи аибарххарагьы уахь иналаҵаны.

АҞӘА, абҵара 7 — Sputnik. Ҭырқәтәыла Ахада Ердогани Урыстәыла Ахада Путини реиқәшәара азыԥхьагәаҭоуп абҵарамза 13 рзы. Аиԥылараан ирылацәажәараны иҟоуп еиуеиԥшым азҵаарақәа, шьамтәылатәи аибарххарагьы налаҵаны абри атәы аанацҳауеит Sputnik Турция.

Иазгәаҭатәуп Шьамтәылатәи аибарххаратә кризис шхацыркыз 2011 шықәса хәажәкырамзазы. Уи аахым ООН адыррақәа рыла иҭахахьеит 500 000-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра.

Атәыла аиҳабыра рырратә мчрақәа ирҿагылоуп атеррористтә гәыԥқәа, еиуеиԥшым аполитикатә хырхарҭақәа иртәу.

Урҭ рахьынтәи реиҳа ирадикалтәу ҳәа иршьоит атеррористтә гәыԥ "Исламтәи аҳәынҭқарра", агәыԥқәа: YPG, PYD ("Курдистан аусутә партиа").

Ажәабжьқәа зегьы
0