Шьамтәылан ахәрақәа роуит Урыстәылатәи ажурналистцәа

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в районе Дейр-эз-Зора
Ситуация в районе Дейр-эз-Зора - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылан аҭыԥ змаз аԥжәарақәа ирыхҟьаны ԥшьҩык урыстәылатәи ажурналистцәа: Илиа Ушенин (НТВ), Ҭимур Воронов (НТВ), Константин Худолеев (Звезда), Дмитри Стародубски (Звезда), иара убасгьы аҭыԥқәа рҟны аминаҵхратә центр аррамаҵзурауаа хәҩык аахақәа роуит.

АҞӘА, абҵара 7 — Sputnik. Ателеканал НТВ ажурналистцәа Илиа Ушенини Ҭимур Воронови ахәрақәа роуит, аха урҭ рыԥсҭазарақәа шәарҭа рымам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал НТВ асаит адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Аахақәа зауз зегь раасҭа зҭагылазаашьа уадаҩу Илиа Ушенин иоуп. Иара убасгьы рацәак ибаргәым ахәрақәа иоуит аоператор Ҭимур Воронов. Дара рҩыџьагьы рыԥсҭазаарақәа шәарҭам", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Уаанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адырра ҟанаҵахьан ақалақь Деир-ез-Зор аҟны урыстәылатәи ажурналистцәа ԥшьҩыки аррамаҵзурауаа хәҩыки ахәрақәа роуит ҳәа.

Ааха зауз зегьы урыстәылатәи аҳаиртә база "Хмеимим" ахь инагоуп. Урҭ уа иахәҭаны иҟоу амедицинатә цхыраара рыҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0