"Мисс мира-2017" аҟны иреиӷьу ҳәа дрыԥхьаӡеит Индиатәи аҭыԥҳа

© AFP 2023 / NICOLAS ASFOURI"Мисс мира-2017" представительница Индии Мануши Чхиллар
Мисс мира-2017 представительница Индии Мануши Чхиллар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаҩбатәи аҭыԥ ланашьахеит мексикатәи аҭыԥҳа ԥшӡа Андреа Мезе, ахԥатәи аҭыԥ лгеит Стефани Хилл (Британиа ду).

АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Индиатәи Мануши Чхиллар адунеи аҟны зегь реиҳа иԥшӡоу ҳәа далырхит аиндаҭлара "Мисс мира-2017" аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

Сынтәа аиндаҭлара мҩаԥысуан Китаи. Иреиӷьу дрылкаатәын 118 тәыла рхаҭарнакцәа. Мануши Чхиллар зегь раасҭа дыԥшӡоуп ҳәа далыркааит. Лара 20 шықәса лхыҵуеит. Лҭаацәа медицинатә усзуҩцәоуп. Ларгьы илыгәҭакуп абри азанааҭ лнапы алалкырц. Уажы ауниверситет аҿы аҵара лҵоит.

Мануши Чхиллар апараплан ала аԥырра бзиа илбоит, индиатәи аклассикатә кәашарақәа дкәашоит, асахьаҭыхра дазҟазоуп, англыз бызшәеи ахинди бызшәеи бзианы илдыруеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0