Шәачаа аԥшасра иазыԥшуп

© Sputnik / Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШторм в городе Сочи
Шторм в городе Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Агидрометцентр Шәача ақалақь аҟны иазыԥхьагәанаҭоит аԥшасра ӷәӷәа.

АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Шәача ақалақь аҿы ақалақьтә маҵзурақәа рҽазыҟаҵаны иҟоуп аметеорологцәа разыԥхьагәаҭара ашьҭахь. Амҽыша ауха аԥшасра ӷәӷәаны иҟалар алшоит ҳәа ишьан. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аметеорологцәа ишырҳәо ала, абҵара 19 асааҭ 18.00 инаркны абҵара 20 асааҭ 18.00 рҟынӡа Шәача иахьаҵанакуа аԥша ӷәӷәаны иасыр ауеит, секундк ала 17 метра инаӡар алшоит. Убри инадҳәаланы ақалақь Ахада адҵа ҟаиҵеит аурҭ бааԥс аҟалара иазыхиазарц.

"Ақалақь араионқәа, ақыҭақәа, аиқәырхаратә маҵзурақәа адырра рыҭоуп ихианы иҟазарц", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Урыстәыла агидрометцентр адыррақәа рыла амҽыша Шәача амш бзиан, аҳауа ԥхарра 21 градус инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0