Европатәи Ахеилак Урыстәыла иадҟаҵало асанкциақәа шаԥнахша иазхәыцуеит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Совета Европы в Страсбурге
Здание Совета Европы в Страсбурге - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса инаркны Урыстәылатәи Афедерациа алахәым Европатәи Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа (ПАСЕ) аилатәарақәа.

АҞӘА, абҵара 28— Sputnik. Европа Урыстәыла ада ааныжьра шьҭахьҟа ҳазго шьаҿоуп иҳәеит Европатәи Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Хада Турбьерн Иагланд, убри азы Еврохеидкыла аус аднаулоит Урыстәыла иадҟаҵало асанкциақәа раԥыхра шалшаша азҵаара. Асанкциақәа алагалан Украинатәи аимак иахҟьаны ҳәа аанацҳауеит Sputnik Латвиа, агазеҭ Financial Times адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Европа Урыстәыла ада ааныжьра шьҭахьҟа ҳазго шьаҿоуп", — иҳәеит Европатәи Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Хада Турбьерн Иагланд.

График - Sputnik Аҧсны
Ашәарҭадара ахә: иазыхиоума Европа инхо НАТО аԥара азшәара

2016 шықәса раахыс Урыстәыла Европатәи Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа (ПАСЕ) ахь аделегациа аккредитациа аҭаразы иахәҭоу адокументқәа нанашьҭуам, иара убасгьы 2014–2015 шықәсқәа раахыс Урыстәылатәи апарламентарицәа ПАСЕ асессиақәа рҟны абжьа рымам Ҟрымтәи азҵаара инадҳәаланы.

Сынтәа, рашәарамзазы Урыстәыла иаднакылеит аӡбра Еврохеидкыла абиуџьет ахь аԥаратә лагалақәа рыҟаҵара аанкылазарц, Европатәи Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа (ПАСЕ) аҟны амилаҭтә делегациа азинмчрақәа азырҳәынхаанӡа.

Financial Times аҟны иаагоуп Еврохеилак аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Украина ахаҭарнак Дмитри Кулеба иҳәамҭа. Кулеба иазгәеиҭоит Еврохеилак Урыстәыла аганахь ала иҵоуроу ашьаҿақәа ҟанаҵар, "Украина азхәыцуеит Еврохеилаки иареи реизыҟазаашьақәа" ҳәа.

Аинформациатә политиказы Урыстәыла Афедерациатә хеилак акомиссиа ахантәаҩы Иагланд иҳәамҭа Twitter аҟны дахцәажәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0