Путин анапынҵа ҟаиҵеит урыстәылаа аҳәаанырцә рыхьчараз

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание МИД РФ
Здание МИД РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахада Владимир Путин Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа аиҭеит Урыстәыла атәылауаа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны рыхьчара аиқәыршәара еиҿызкааша ауснагӡатәқәа рзы аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵазарц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4— Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адҵа аиҭеит Урыстәыла атәылауаа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны рыхьчара аиқәыршәара еиҿызкааша ауснагӡатәқәа рзы аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵазарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Кремль асаит аҟны иӡыргоу ашәҟәы ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Урыстәыла атәылауаа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны рыхьчара аиқәыршәара еиҿызкааша ауснагӡатәқәа рзы аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥнаҵароуп, икоммерциатәым аиҿкаарақәагьы абрахь иналаҵаны" ҳәа аҳәоит ашәҟәаҟны.

Анапынҵа анагӡаразы аҭакԥхықәра идуп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Ҿҳәараны иамоуп хәажәкыра 30 2018 шықәса.

Ажәабжьқәа зегьы
0